Александр Анқәаб Аԥсныҟа дхынҳәит акоронавирус аҟынтәи иҽыхәышәтәра ашьҭахь

© Sputnik / Томас ТхайцукАлександр Анкваб
Александр Анкваб - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб COVID-19 аҟынтәи иҽыхәышәтәра далганы москватәи аклиникатә хәышәтәырҭа дҭыҵит хәажәкыра 18 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 31 – Sputnik, Бадри Есиава. Александр Анқәаб Москвантәи Аԥсныҟа дхынҳәит акоронавирус аҟынтәи аҽыхәышәтәреи ареабилитациа ахысреи рышьҭахь ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭарҳәеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзураҟны.

Александр Анкваб - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2021
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб ахәышәтәырҭа дылырҩааит

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб акоронавирус ицәа ишалаз аарԥшын ԥхынҷкәын 30 рзы, ажьырныҳәа 5 рзы иара Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Хымш рышьҭахь иӡбан иара ихәышәтәра Москва иациҵарц азы.

2020 шықәса ажьырныҳәа 8 рзы Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Урыстәыла ФМБА Афедералтә ҭҵаарадырра-клиникатә центр ахь диаган акоронавирустә инфекциеи ҩ-ганктәи аполисегментартә гәаҵәкреи иманы. Иԥсыԥлагаҩагара уадаҩын, уи адагьы ахәышәтә гепатит аҟазшьақәа идбалан. Аселективтә плазмофильтрациа изун.

Ажьырныҳәа 17 рзы Александр Анқәаб иԥсабаратәымкәа арԥҳақәа аҳауарҭарсга (ИВЛ) изышьақәыргылан. Ажьырныҳәа 25 рзы иара иҭагылазаашьа еиӷьхеит. Жәабран 15 рзы адырра ҟаҵан иара аинтенсивтә терапиа апалатаҟынтә астационар ахь диаргеит ареабилитациатә курс амҩаԥгаразы ҳәа.

Аамҭала аԥыза-министр инапынҵақәа наигӡоит Владимир Делба.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0