Познер уаанӡа Аԥсназы иҟаиҵахьаз ҳәамҭак иахҟьаны Қарҭ дықәырцеит

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПремьера фильма "Подольские курсанты"
Премьера фильма Подольские курсанты - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи ажурналист Владимир Познер 87 шықәса ихыҵра Қарҭ иазгәеиҭарц дахьнеиз иганахьала имҩаԥыргаз акциақәа ирхырҟьаны дхынҳәыр акәхеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. Урыстәылатәи ажурналист Владимир Познер, 87 шықәса ихыҵра Қарҭ иазгәеиҭарц дахьнеиз акциақәа ирхырҟьаны дхынҳәыр акәхеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ажурналист имшира Қырҭтәыла иазгәеиҭарц иҭахын.

Познер иҿагылоз акомпаниа асоциалтә ҳақәа рыла иалагеит. АИХқәа рҿы ишырыҩуа ала, ажурналист атәыла даламлароуп ҳәа дықәгылеит аполитикатә партиа "Дроа" (Аамҭа ааит) ахада Елене Хоштариа. Лара Познер атәыла аҵакыратә акра ахьазхеимҵо хараны идылҵеит.

Ахашаҽны ақалақь аҿы амитинг аҿы еизаз Познер Қырҭтәыла акзаара азхеиҵом, ара дыҟамзароуп ҳәа иқәгылеит. Хаҭала иазааҭгылан Познер Аԥсны ахаангьы Қырҭтәыла иатәхом ҳәа иҟаиҵахьаз аҳәамҭа.

Познери иҩызцәеи ахьаангылаз аотель ахыбра аҿагылаҩцәа акәшеит, асасцәа руаххьа еиԥырҟьеит, аџьазы Аинспекциахь адырра ҟарҵеит Познери исасцәеи "акоменданттә сааҭ" иқәымныҟәеит ҳәа, уи азы ахара аотель иахарарҵеит. Аотельгьы ахараԥса ақәҵахеит.

Асасцәа аотель Romms hotel ахь ииаган.

Познер Қарҭ аҳаиртә баӷәазаҿы ажурналистцәа аԥсуа зҵаара алацәажәара сгәы иҭам ҳәа реиҳәеит.

"Хышықәсоуп сымшира Қарҭ иазгәасҭоижьҭеи. Сара аполитика салацәажәарц смааит, сымшира азгәасҭарц ауп сзааз", - ҳәа иҳәеит Познер.

Аԥшьаша еилкаахеит Владимир Познер Қырҭтәыла шаанижьыз. Ажурналисти иҩызцәеи аҳаиртә баӷәазахь аполициаа имҩаԥыргеит.

Қырҭтәыла бџьаршьҭыхла Цхинвал ианақәла ашьҭахь, Москва нанҳәа 26 2008 шықәсазы Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рхьыԥшымра азханаҵеит. Қырҭтәыла арҭ ареспубликақәа иара иахатәны иаԥхьаӡоит. Атәылаҿ аус ауеит азакәан: Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни дара рофициалтә зин ыҟамкәа иаҭааз ахараԥса ддыршәоит ма ԥшьышықәсанӡа аҭакра рықәырҵоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0