Аԥсны аҳазалхратә еилакы: ашықәс актәи аԥшьбара аплан иацны инагӡоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукТаможенный комитет Республики Абхазия
Таможенный комитет Республики Абхазия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2021
Анапаҵаҩра
2021 шықәса актәи аԥшьбараз ареспублика абиуџьет ахь аҳазалхратә усбарҭақәа иаларгалеит 498 миллион мааҭ.

АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik. 2021 шықәса актәи аԥшьбараз ареспублика абиуџьет ахь аҳазалхратә усбарҭақәа иаларгалеит 498 миллион мааҭ. Ари 2020 шықәса иара абри аамҭазтәи арбага аасҭа 104,2 миллион рыла еиҳауп. Аҳазалхратә шәарақәа рзы аҳасабырба аилак асаит аҿы икьыԥхьуп.

Ажьырныҳәа

2021 шықәса ажьырныҳәамзазы аҳазалхратә шәарақәа 111,8 миллион мааҭ дыртәеит, 2021 шықәса ажьырныҳәатәи аплан 109% рыла инагӡан. 2020 шықәса ажьырныҳәамза иаҿырԥшны 14 миллион мааҭ рыла еиҳаны аԥара абиуџьет иалагалоуп.

Банкноты номиналом 2000 рублей. - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2021
Аԥсны Апарламент 2021 шықәсазтәи абиуџьет апроект аднакылеит

Жәабран

Жәабранмзазы адәныҟахәаахәҭра арбагақәа рыла аҳазалхратә шәарақәа рҟынтә алагала 196,3 миллион мааҭ артәоит, уи 61 миллион мааҭ рыла еиҳауп 2020 шықәса абри аамҭазтәи арбагақәа раасҭа. Жәабранмзазтәи аплан – 161,1 миллион мааҭ раасҭа 35,2 миллион мааҭ еиҳаны иалагалоуп, аплан 122% процент инагӡоуп.

Хәажәкыра

Хәажәкырамзазы адәныҟахәаахәҭра арбагақәа рыла аҳазалхратә шәарақәа рҟынтә алагала 190 миллион мааҭ артәоит, уи 55 миллион мааҭ рыла еиҳауп 2020 шықәса абри аамҭазтәи арбагақәа раасҭа. Хәажәкырамзазтәи аплан – 178,5 миллион мааҭ рыла инагӡоуп, уи 106% процент ҟалоит.

Абасала ашықәс актәи аԥшьбара аплан – 441,8 миллион мааҭ –113% рыла инагӡоуп, абиуџьет ахь иалагалоуп 498,1 миллион мааҭ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0