Гәдоуҭатәи араион ашколқәа руак аҟны COVID-19 иахырҟьаны акарантин рылаҳәоуп

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ школах Забайкалья прекращены занятия после выявления в регионе коронавируса
В школах Забайкалья прекращены занятия после выявления в регионе коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2021
Анапаҵаҩра
Бамборатәи абжьаратә школ аҟны ԥшьҩык аҵаҩцәеи хҩык арҵаҩцәеи акоронавирус ахьрыдырбалаз азы ахәҭакала иаркуп.

АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Бамборатәи абжьаратә школ ахәҭакахьала иадыркит мшаԥы 5 рзы аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ачымазара ахьрыдырбалаз азы, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Гәдоуҭа араион ахадара аҵара аҟәша аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Светлана Аииԥҳа.

"Хҩык арҵаҩцәа чмазцәахеит. Руаӡәк лмоҭацәа ара аҵара рҵоит. Ачымазара рыламҵәарц азы 5 - 11 аклассқәа ауҳажьт. Аиҵбыратә классқәа ныҟәоит. Абри аҩыза аӡбра рыдыркылеит асанитартә маҵзуреи, Аҵара аминистрреи араион ахадареи рақәшаҳаҭрала", - лҳәеит лара.

Зынӡа Бамборатәи ашкол иҭоуп 650 ҵаҩы. Аҩныҟа иоушьҭу аҵаҩцәа дистанциала рҵараҵара иацырҵоит. Аинтернет ахьыҟам ақыҭақәа рҟынтәи 60-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа аҭел ала аҩныҟатәи адҵақәа рзынарышьҭуеит.

Араион аҿы иааидкыланы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа маншәалоуп.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13576-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13070-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 216-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0