Аԥсны аиҳабыра Роспотребнадзор Урыстәыла алаларазы иҟанаҵаз аԥҟарақәа ҳаилнаркаауеит

© SputnikГраница на реке Псоу
Граница на реке Псоу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2021
Анапаҵаҩра
Роспотребнадзор иаланагалаз аԥҟарақәа рыла, мшаԥы 15 инаркны Урыстәыла иалало ртәылауаа зегьы хымш рыҩнуҵҟа ПЦР-тестқәа арҭароуп, аҭак роуаанӡагьы аҽыԥхьакра арежим мҩаԥыргароуп, атест аҭак аҳәынҭқарратә маҵзурақәа иаку рпортал аҿы икьыԥхьтәуп.

АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Урыстәыла алалараан иаларгалаз аԥҟарақәа ирыҵаркӡом аурыс-аԥсуа ҳәаа уахьгьы арахьгьы иахысуа Урыстәыла атәылауаа, уи ҿҳәарала шаҟа ицо иаауагьы иахьыԥшым ҳәа аилыркаара ҟарҵеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿы.

Минздрав Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2021
Агәабзиарахьчара аминистрра Урыстәыла алалараз аԥҟара ҿыцқәа рзы Роспотребнадзор иазҵааит

Аԥсны аиҳабыра адыррақәа рыла, Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә санитартә ҳақьым хада "COVID-19 аламырҵәаразы аҽыԥхьакра арежим ашьақәыргыларазы" Асанитартә ҳақьым хада иқәҵара №7 ахь аиҭакрақәа ралагаларазы" мшаԥы 9 2021 шықәсазтәи Ақәҵара №12 инапы аҵаиҩит. Уи иацааиуа аԥшьы инақәыршәаны, Ермантәылеи, Белоруссиеи Кырӷызтәи Ареспубликеи рҟынтәи Урыстәылаҟа иаауа роуп аҳәаа ахысра аԥҟара ҿыцқәа ирыҵаркуа. 

"Адокумент ҿыц аҿы иарбоуп аԥҟара ҿыцқәа ирықәныҟәар шакәу 29 тәыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра урҭ ирылаӡам", - рҳәеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿы.

Аԥсны атәылауаа ракәзар, урҭ рзы иахьа уажәраанӡа амч амоуп Урыстәыла Аиҳабыра нанҳәа 1 2020 шықәсазтәи Рыдҵа, уи инақәыршәаны Урыстәылатәи Афедерациахь абжьааԥнеиԥш иалаларазы ԥынгыла рымаӡам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0