Аекономҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ: Урыстәылеи Аԥсни рзакәанқәа асинхронизациа рҭахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукДокумент
Документ  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.04.2021
Анапаҵаҩра
Ҩымш ҵуеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи Урыстәыла афымцамч аминистрреи рхаҭарнакцәа рделегациа Аԥсны иааны иҟоуижьҭеи 2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аинвестициатә программала асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аобиектқәа рыргылара шцо рбаразы.

АҞӘА, мшаԥы 16 – Sputnik. Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров акрызҵазкуа акәны ишьоит Урыстәылеи Аԥсни рзакәанқәа рсинхронизациа.

Флаг Россия Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2020
Урыстәылеи Аԥсни рзеиԥшекономикатә ҵакыра аиҿкааразы агәыԥ анапынҵақәа

"Ари аус аҿы ауснагӡатә рацәа ыҟоуп. Иаԥҵоуп аусутә гәыԥқәа. Иахьазы активла аусурақәа мҩаԥысуеит асистематә усурақәа рзы анорматив актқәа рыдкылареи аинырраз аусурақәа реиҿкаареи рганахь ала. Арҭ амшқәа рзы аҳазалхратә закәанԥҵара ҳалацәажәеит. Уи аиҳарак актуалра зҵоу зҵаароуп. Азакәан асинхронизациа иалнаршоит атауареикәыршара активла амҩаԥгара, аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы аиасразы алшарақәа рырҭбаара. Иааидкыланы аекономикатә еинырра арманшәалоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Назаров иазгәеиҭеит Урыстәыла аҳазалхратә маҵзура ишазнархиахьоу ахатәы жәадгалақәа. Аԥснытәи рколлегацәа уи хара имгакәа иахәаԥшраны ишыҟоу.

2020 шықәса абҵарамзазы ишьақәырӷәӷәан Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара азеиԥш социал-економикатә ҵакыра аиҿкааразы апрограмма – Аслан Бжьаниеи Владимир Путини реиԥылара аихшьаалак аҳасаб ала.

Ажәабжьқәа зегьы
0