Иԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ, арратә ҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачлиа

© Sputnik / Томас ТхайцукВалико Пачулия
Валико Пачулия - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2021
Анапаҵаҩра
Арратә ҭоурыхҭҵааҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ нага Валикәа Мџьыҭ-иԥа Ԥачлиа иԥсҭазаара далҵит 72 шықәса дшырҭагылаз.

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Валикәа Мџьыҭ-иԥа иԥсҭазаара иалҵра гәыхь дуны ирзыҟалеит уи дыздыруаз, акыр шықәса аус ицызуаз иколлегацәа, иҩызцәа. Иара шықәсырацәала аус ахьиуаз Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Арда Ашәба дазааҭгылеит иҳаԥхаз аҵарауаҩ иҭҵаарадырратә ус ҭакԥхықәра дула дшазнеиуаз атәы.

Валико Пачулия - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2018
Арадио
Ԥачулиа: ақырҭцәа Аԥсны рнырхара ҳәынҭқарратә усны иҟаҵан

"Сара Аԥсуаҭҵааратә анститут аҟны раԥхьаӡа акәны аусура саналага аамҭазы, Валикәа Мџьыҭ-иԥа усҟан зажәа иазыӡырҩуаз, илша дырны, ҳаҭыр, пату иқәны, ихьӡ-иԥша наҩхьан. Аԥсуаҭҵааратә институт имҩаԥнагоз аҭҵаарадырратә конференциақәа рыҟны иқәгыларақәа, изнеишьақәа, иҭҵаамҭақәа иазыӡырҩуаз асасцәа уамашәа иаршанхон", - иҳәеит Ашәба.

Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы иара убас иалкааны дазааҭгылеит Валикәа Ԥачлиа иусура инаваргыланы иуаҩрагьы шыҳаракыз:

"Иара аиаша еснагь иадгылоз, зҿахәы нҭкааны изҳәарц зылшоз, аҭоурыхтә хҭысқәа рхы ахьакыз, амца ахьакыз дырны, мцык аламҵаӡакәан рцәыргашьа дақәшәон. Уаҩык иаҳасабала иаԥсуареи, иламыси, иааӡареи иҵарадырра аҵкьысгьы акырӡа еиҳан. Џьанаҭ гыларҭас иоуааит ауаҩ нага", - иҳәеит Ашәба

Гәалсра дула Валикәа Мџьыҭ-иԥа дихцәажәеит акыр шықәса аус ицзухьаз аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Аслан Аҩӡба.

"Валикәа Мџьыҭ-иԥа иԥсҭазаара иалҵра даара гәалсра дула иҳадаҳкылеит аус ицызуаз, уахгьы-ҽынгьы ивагылаз иҩызцәа зегьы. Ари иеиԥш иҟаз аҵарауаҩ ду идунеи аԥсахра Аԥсны жәлар рзыҳәан ицәыӡ ӷәӷәоуп. Валикәа Ԥачлиа аҵарауаҩ нага, зыҭҵаамҭақәа фактла ишьақәырӷәӷәаны иаазгоз, еидызкылоз, иҭызҵаауаз ҵарауаҩын", - иҳәеит Аҩӡба.

Валико Пачулия - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2018
Арадио
Ԥачлиа: анемеццәа Кавказ ргазҭгьы, Асоветтә ҳәынҭқарра аҭагылазаашьа цәгьахон

Иара иазгәеиҭеит Ԥачлиа инапы шалакыз иуникалтәу аибашьратә архивтә материалқәа реизгара, дшашьҭаз ииашаны ишьақәырӷәӷәаны урҭ рӡыргара. Дравторуп амонографиақәа жәпакы, аибашьра иазку архивтә шәҟәқәа, адокументалтә ҭҵаамҭақәа. Урҭ зегьы ҭакԥхықәрала дрызнеиуан, џьара ииашамкәан акы амырбахандаз ҳәа дахӡыӡаауа, иаша мацарала иӡыригон инапы иҵыҵуаз зегьы ҳәа Аслан Аҩӡба дазааҭгылеит зыԥсҭазаара иалҵыз аҵарауаҩ Ԥачлиа инапы злакыз аус.

Валикәа Мџьыҭ-иԥа Ԥачлиа - арратә ҭоурыхҭҵааҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат.

1976 шықәсазы қәҿиарала далгеит А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет. Аус иуан ашкол ахантәаҩыс Анхәатәи аашықәсатәи ашкол аҟны.

Аҵара иҵон Москва СССР АР иатәу аҭоурыхтә институт аспирантураҿы. Арратә тематикала идиссертациа ахьчаразы ирхианы далгеит 1984 шықәсазы, иагьихьчеит Москва 1986 шықәсазы. Аус иуан Д.Гәлиа ихьӡ зху Абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут (анаҩс Аԥсуаҭҵааратә институт ҳәа иҟаҵаз) аҟны аҭоурых аҟәшаҿы раԥхьа ҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбыс, ҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабыс, аҵыхәтәантәи имшқәа рҟынӡа - ҭҵаарадырратә усзуҩ нагас. Аамҭаказы аус иуан Аԥсны аҭоурыхтә еилазаараҟны аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩыс. Аԥсуаа ҳмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далахәын, Аԥсны Жәлар рфорум далан. 1992-1993 ш. рзтәи ақырҭуа аԥсуа еибашьра даветеранын.

Книга Валико Пачулия - Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2018
Аибашьра иазку ашәҟәы ҭырқәбызшәала иҭыжьуп

Аибашьра ашьҭахь Аԥсуа ар рҟны аррамаҵзура дахысуан, Аԥсны Атәылахьчара Аминистрраҟны аҭоурых-архивтә ҟәша деиҳабын; дыҟан иреиҳау ҭҵаарадырратә усзуҩыс, анаҩс Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара Аминистрра архив аҟны инагоу ҭҵаарадырратә усзуҩыс.

Дрылахәын Гал араиони Кәыдрытәи аҩхааҿы имҩаԥысуаз аоперациақәа. Данысит амҩа ду - Асовет аруаҩ инаиркны Аԥсны арбџьармчқәа рполковникра аҟынӡа. Дрыԥсоуп ирацәаны анашьарақәеи арҽхәаԥхьыӡқәеи.

Иаԥиҵеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду, ақырҭуа-аԥсуа еибашьра, иааидкыланы Аԥсуа Арбџьарамчқәа рҭоурых иазкны аусумҭақәа. Инапхгарала иаԥҵан Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара Аминистрра Архив. Лассы-лассы икьыԥхьуан ашәҟәқәа, астатиақәа, дрылахәын еиуеиԥшым аҭҵаарадырратә форумқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0