Ахацәа компаниала аԥсшьаразы иалырхуа аҭыԥқәа иреиуоуп Гаграгьы

© Sputnik / Томас ТхайцукТуристы в Гагре
Туристы в Гагре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2021
Анапаҵаҩра
Гагра – Аԥсны, Севастополь – Ҟрым, Геленџьики Шәачеи –Краснодартәи атәылаҿацә, Воронеж, Осташков, Кондопога, Пено ишьақәдыргылеит 2021 шықәсазы ахацәа аԥсеицшьараз ицарц ахьырҭаху аҭыԥқәа рреитинг.

АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik. Ахацәа компаниала аԥсшьаразы иалырхуа аҭыԥқәа иреиуоуп Гаграгьы ҳәа адырра ҟанаҵоит амаҵзура TVIL.RU.

Астатистика инақәыршәаны аиҩызцәа ргәыԥ 13 уахи-ҽнинӡа аԥсшьара алырхуеит, иагьазыхиоуп 15-15 нызқь мааҭ ашәара. Зегь раасҭа аԥсшьараз ахәқәа лаҟәуп Гагра, иҳаракуп – Пено.

Асиа шьақәыргылоуп 2021 шықәсазы заанаҵтәи анхарҭаҭыԥқәа рҿаҵара амаҵзура адыррақәа рыла.

Ихадоу ахырхарҭақәа ааба:

  • Севастополь – 3123 ₽ / 5,6 у-ҽ *
  • Геленџьик – 4199 ₽ / 9,2 у-ҽ
  • Воронеж – 1728 ₽ / уахык
  • Осташков – 7875 ₽ / ԥшьаха
  • Кондопога – 8000 ₽ / бжьаха
  • Гагра – 1000 ₽ / 12 у-ҽ
  • Пено – 15000 ₽ / 7 у-ҽ
  • Шәача – 2042 ₽ / 13 у-ҽ

* Уахык азы акоттеџьқәеи аотельқәеи рҿы аҟазаара абжьаратә хәыԥса.

Уаанӡа TVIL.RU машьынала иныҟәо атуристцәа иалыркаауа ҳәа ишьақәнаргылаз ареитинг аҿы Гагра аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0