Афонд "Ашана" зеиҭаҵра уадаҩу ахәыҷқәа рзы акалиаскақәа раахәараз аԥареизгара еиҿнакаауеит

© Sputnik / Томас Тхайцук"Ашана" открыл сбор средств на покупку колясок для маломобильных детей
Ашана открыл сбор средств на покупку колясок для маломобильных детей - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2021
Анапаҵаҩра
Афонд "Ашанеи" ассоциациа "Инва-цхыраареи" апроект "Аԥсҭазаара алахәраз" еиҿыркаауеит.

АҞӘА, мшаԥы 21 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" зеиҭаҵра уадаҩу быжьҩык ахәыҷқәа рзы акалиаскақәа раахәараз аԥареизгара еиҿнакаауеит.

ДЦП змоу ахәыҷқәа ииашаны ирыдгалоу аинвалидтә колиаскақәа дара рхы иақәиҭны рынеиааираз ихәарҭоуп. Иазыԥхьагәарҭоит ахәыҷы ичымазара аҷыдара, убри азы арҭ ахәыҷ-чымазцәа рзы хаз-хазыла рыкапан, роура-рыҭбаара, рышықәс уҳәа азыԥхьагәаҭаны акалиаскақәа рыдгалатәуп.

Еизгатәны иҟоуп 340 000 мааҭ аԥара. Афонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа лажәақәа ассоциациа "Инва-цхыраара" европатәи рпартниорцәа ирызҿарҵоит арҭ арныҟәагатә хархәагақәа.

Афонд зхылаԥшуа Анита Харчлааԥҳа лан Марҭа Чалач-оӷлы еиҭалҳәеит аӡӷаб алабҷышь лыҵаргәаны шә-метрак дахысыр шлылшо, аха уаҳа мап. Ахәыҷы џьара лнагара-лаагаразы ан атранспорт лымам, еснагь аӡә иҳәара дацәыԥхашьоит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАфонд "Ашана" зеиҭаҵра уадаҩу ахәыҷқәа рзы акалиаскақәа раахәараз аԥареизгара еиҿнакаауеит
Афонд Ашана зеиҭаҵра уадаҩу ахәыҷқәа рзы акалиаскақәа раахәараз аԥареизгара еиҿнакаауеит - Sputnik Аҧсны
1/4
Афонд "Ашана" зеиҭаҵра уадаҩу ахәыҷқәа рзы акалиаскақәа раахәараз аԥареизгара еиҿнакаауеит
© Sputnik / Томас ТхайцукАфонд "Ашана" зеиҭаҵра уадаҩу ахәыҷқәа рзы акалиаскақәа раахәараз аԥареизгара еиҿнакаауеит
Афонд Ашана зеиҭаҵра уадаҩу ахәыҷқәа рзы акалиаскақәа раахәараз аԥареизгара еиҿнакаауеит - Sputnik Аҧсны
2/4

3/4

4/4

"Иҳаур зылшо алшара даара сеигәырӷьоит. Ҳхала ари аҩыза ацхыраагӡа ааҳхәартә аҭагылазаашьа ҳамам", - лҳәоит ан.

Ассоциациа "Инва-цхыраара" анапхгаҩы Алхас Тхагушев иазгәеиҭеит акалиаскақәа раахәара адагьы ишахәҭоу зныҟәара ԥку ауаа ирзыманшәало амҩасырҭақәа реиҿкаара.

"Зныҟәара ԥку ирыхәарҭам аобиектқәа рыргылара ҳаҟәыҵроуп. Ауаҩы дызланыҟәо зиҭаху аҩны ддәылымҵырц акәӡам, ауаа дрылагыларц ауп. Сгәыӷуеит ҳҳәынҭқарра абри аус азхьаԥшра анаҭап ҳәа. Апроблема иӡбтәу иреиуоуп", - иҳәеит иара.

Ахәыҷқәа ацхыраара рыҭашьа еилышәкаар алшоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0