https://sputnik-abkhazia.info/20260723/1064537226.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба Аԥсны атәылауаа Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит. Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы абираҟи агерби рышьақәырӷәӷәара... 23.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-23T13:01+0300
2026-07-23T13:01+0300
2026-07-23T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/17/1064537060_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_e2b389e08d1f5f0770c3590c927af945.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба Аԥсны атәылауаа Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит. Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы абираҟи агерби рышьақәырӷәӷәара, ареспублика аҳәынҭқарра ашьақәгылара ихадоу хәҭаны ишыҟалаз."Иахьа Аҳәынҭқарратә бираҟ еиднакылоит Аԥсны аҳәынҭқарра атәылауаа зегьы. Уи иаҳгәаланаршәоит ҳажәлар рҭоурых хьӡырҳәага, ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рыхә, агәацԥыҳәара ҳнаҭоит арҿиаратә џьабааи Аԥсадгьыл аизҳазыӷьара ахьӡала аихьӡара ҿыцқәеи рзы", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы. Гәынба агәрагара ааирԥшит, Аԥсны абираҟ жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа зегьы рҿы ишцәыргахо, ареспублика ахьыԥшымра азхазҵаз атәылақәа рхыԥхьаӡарагьы шеизҳауа.
Омскынтәи раԥхьатәи ареис Аҟәа иааит. Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәазаҿы аҳаирплан иаԥылеит итрадициатәу аӡтәы хыргьагьа ала. Уажәы Аԥсныҟа иԥыруеит Урыстәыла 12 қалақь рҟынтәи аҳаиреилахәырақәа хәба: Екатеринбург, Казань, Минеральные Воды, Москва, Нижни Новгород, Оренбург, Самара, Санкт-Петербург, Уфа, Ханты-Мансииск, Челиабинск. Ҵыԥх амаршруттә ҳа иаҵанакуан ахырхарҭақәа ҧшьбеи аҳаиреилахәырақәа хҧеи. Лаҵарамза-рашәарамзазы апассаџьырцәа рныҟәара ҩынтә еизҳаит, 24 нызқьҩык рҟынӡа инаӡеит, ҵыԥх иҟаз жәанызқьҩык ирҿырҧшны.
Очамчыра араион ақыҭақәа рҿы амҩақәа реиҭашьақәыргылара иалагеит. Аусурақәа хацыркуп Гәыԥи Арасаӡыхьи ақыҭақәа рҿы, уаҟа ԥшь-километрак рҟынӡа амҩатә цәаҳәа дырҿыцуеит, еиҟарартәуеит. Иазԥхьагәаҭоуп, аиҭашьақәыргылара ари ахәҭа мчыбжьык аҩнуҵҟа ихыркәшахап ҳәа. Аусурақәа цоит Аԥсны Амҩатә фонд ахарџь ала ҳәа аанацҳауеит "Очамчыра-информ". Анаҩс, амҩа аиҭашьақәыргылара иалагоит Џьал ақыҭан. Уаҟа аусурақәа араионтә биуџьет аҟынтәи аԥара рзоужьхоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш иазку автоеиԥхныҩлара хацыркхеит Аҟәа Ахақәиҭра ашҭа аҟынтәи Тҟәарчалҟа. Уи иалахәуп еиуеиԥшым ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи амашьынарныҟәцаҩцәа асовет, европатәи, америкатәи культуратә ҭынханы иԥхьаӡоу, зеиуахкы маҷу машьынақәа рыла. Аӡәырҩы рҭаацәеи рҩызцәеи рыманы иааит. Акциа иара убасгьы далахәуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагба. Аныҟәаҩцәа рымҩа дақәныҳәарц, аныҳәа рыдиныҳәаларц, Ахақәиҭра ашҭахь днеит Акультура аминистр Даур Ақаҩба. Акциа аиҿкааҩ Никита Габниа иажәақәа рыла, амҩан урҭ мҩаԥыргоит Аҳәынҭавтоинспекциа аҷаԥшьаратә машьынақәа. Ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал ауааԥсыреи асасцәеи амашьынақәа ддырбоит.
Бадра Гәынба Аԥсны атәылауаа Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит. Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы абираҟи агерби рышьақәырӷәӷәара, ареспублика аҳәынҭқарра ашьақәгылара ихадоу хәҭаны ишыҟалаз."Иахьа Аҳәынҭқарратә бираҟ еиднакылоит Аԥсны аҳәынҭқарра атәылауаа зегьы. Уи иаҳгәаланаршәоит ҳажәлар рҭоурых хьӡырҳәага, ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рыхә, агәацԥыҳәара ҳнаҭоит арҿиаратә џьабааи Аԥсадгьыл аизҳазыӷьара ахьӡала аихьӡара ҿыцқәеи рзы", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы. Гәынба агәрагара ааирԥшит, Аԥсны абираҟ жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа зегьы рҿы ишцәыргахо, ареспублика ахьыԥшымра азхазҵаз атәылақәа рхыԥхьаӡарагьы шеизҳауа. Омскынтәи раԥхьатәи ареис Аҟәа иааит. Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәазаҿы аҳаирплан иаԥылеит итрадициатәу аӡтәы хыргьагьа ала. Уажәы Аԥсныҟа иԥыруеит Урыстәыла 12 қалақь рҟынтәи аҳаиреилахәырақәа хәба: Екатеринбург, Казань, Минеральные Воды, Москва, Нижни Новгород, Оренбург, Самара, Санкт-Петербург, Уфа, Ханты-Мансииск, Челиабинск. Ҵыԥх амаршруттә ҳа иаҵанакуан ахырхарҭақәа ҧшьбеи аҳаиреилахәырақәа хҧеи. Лаҵарамза-рашәарамзазы апассаџьырцәа рныҟәара ҩынтә еизҳаит, 24 нызқьҩык рҟынӡа инаӡеит, ҵыԥх иҟаз жәанызқьҩык ирҿырҧшны. Очамчыра араион ақыҭақәа рҿы амҩақәа реиҭашьақәыргылара иалагеит. Аусурақәа хацыркуп Гәыԥи Арасаӡыхьи ақыҭақәа рҿы, уаҟа ԥшь-километрак рҟынӡа амҩатә цәаҳәа дырҿыцуеит, еиҟарартәуеит. Иазԥхьагәаҭоуп, аиҭашьақәыргылара ари ахәҭа мчыбжьык аҩнуҵҟа ихыркәшахап ҳәа. Аусурақәа цоит Аԥсны Амҩатә фонд ахарџь ала ҳәа аанацҳауеит "Очамчыра-информ". Анаҩс, амҩа аиҭашьақәыргылара иалагоит Џьал ақыҭан. Уаҟа аусурақәа араионтә биуџьет аҟынтәи аԥара рзоужьхоит. Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш иазку автоеиԥхныҩлара хацыркхеит Аҟәа Ахақәиҭра ашҭа аҟынтәи Тҟәарчалҟа. Уи иалахәуп еиуеиԥшым ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи амашьынарныҟәцаҩцәа асовет, европатәи, америкатәи культуратә ҭынханы иԥхьаӡоу, зеиуахкы маҷу машьынақәа рыла. Аӡәырҩы рҭаацәеи рҩызцәеи рыманы иааит. Акциа иара убасгьы далахәуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагба. Аныҟәаҩцәа рымҩа дақәныҳәарц, аныҳәа рыдиныҳәаларц, Ахақәиҭра ашҭахь днеит Акультура аминистр Даур Ақаҩба. Акциа аиҿкааҩ Никита Габниа иажәақәа рыла, амҩан урҭ мҩаԥыргоит Аҳәынҭавтоинспекциа аҷаԥшьаратә машьынақәа. Ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал ауааԥсыреи асасцәеи амашьынақәа ддырбоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/17/1064537060_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_5f327dfdb0b5aa53d6cfeffe9f3feb4a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио