АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи Ҟрым аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадови аиԥылара рыман мшаԥы 23 рзы.
"Агәахәара аҵаны имҩаԥаагеит Аиҳабырабжьаратә комиссиа аиԥылара. Сгәы иаанагоит хра аманы ҳусура мҩаԥаагеит, ԥхьаҟазы ихәарҭахаша адокументқәа ҳнапы рыҵааҩит ҳәа. 2022-2024 шықәсқәа рзы 50 инареиҳаны пункт змоу аусуратә план анагӡара ҳалагоит. Анцәа иҳаиҭар иҵегьы ҳаицусура хаҳарҭәаауеит", - ҳәа иҳәеит Георги Мурадов.
Ҟрыми Аԥсни русеицураҿы иазԥхьагәаҭоуп аекономикатә, асоциалтә, аҵаратә, акультуратә, аспорттә уҳәа ахырхарҭақәа ҳәа азгәеиҭеит Мурадов.
"Агәра згоит арҭ зегьы ауаа рзы ишхәарҭахо. Ҳусурагьы анырра бзиа шыҟанаҵо. Аинтерес ду аҵаны избоит ҳԥышәа аимдара асанатор-курорттә, ақыҭанхамҩатә усхкқәа рҟны", - ҳәа иҳәоит иара.
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Ҟрыми реинырра иахықәку ареспубликақәа руааԥсыра рыԥсҭазаара аиӷьтәроуп ҳәа.
"Ҳара иаҳбарҭоуп Аԥсни Ҟрыми реинырра заҟа мҽхакыҭбаала имҩасуа. Ҳақәгәыӷуеит егьырҭ арегионқәеи ҳареи ҳаиныррагьы убасеиԥш ишьақәгылап ҳәа. Аԥышәеи аҭахреи ахьыҟоу зегь ҟалоит. Еизааигәоу еигәылацәак реиԥш еицыҟаҳҵаша аусқәа рацәаны иҳамоуп", - ҳәа иҳәеит Гәынба.
Ареспублика Ҟрыми Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, агуманитартәи усеицуразы Аицкомиссиа ахԥатәи аилатәара мҩаԥысит мшаԥы 22 рзы.
2016 шықәсазы Ареспублика Ҟрыми Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, агуманитартәи усеицуразы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын. Есхышықәса аганқәа рнапы аҵарыҩуеит ауснагӡатәқәа Рпрограмма.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аекономика аизҳареи Аԥсны амадареи: Ҟрым Урыстәыла иалахәны аҿиара иалацәажәеит