Бжьаниа Аԥсны аерманцәа дрыдашшылеит Ргеноцид агәаларшәара амш азы

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2021
Анапаҵаҩра
1915–1923 шықәсқәа рзы, аерман ҭоурыхҭҵааҩцәа рдыррақәа рыла, Османтәи аимпериаҿы иқәхын миллионки бжаки рҟара аерманцәа.

АҞӘА, мшаԥы 24 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ҳтәыла аерманцәа рдиаспореи адунеи иқәынхо аерманцәеи дрыдашшылеит Ргеноцид агәаларшәара амш азы. Абри атәы аанацҳауеит ахада исаит.

"Иахьа ҳара иаҳгәалаҳаршәоит XX ашәышықәса алагамҭазы ишьаарҵәыраз ахҭысқәа раан харада иргәаҟны ишьыз ауаа. Урҭ ахҭысқәа ҳхашҭыр ҟалаӡом, иҳаҵагылараны иҟоу абиԥарақәа уи аҭоурых рымаадалароуп, уи заҭаху, раԥхьа иргыланы, - даҽазны уаҳа иҟамларц азоуп. Аерман жәлар аӡәырҩы рыԥсы еиқәдырхарц Аԥсныҟа иааит, уи дара рзы аҩбатәи рыԥсадгьыл акәхеит. Иахьа шәара, урҭ рхылҵшьҭрақәа, аԥсуа ҳәынҭқарра аргылареи арӷәӷәареи шәнапы алакуп, шәџьабаа адуп, Аԥсны шәатәылуаа иашақәоуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ахада Аԥсны иҟоу аерманцәа рдиаспореи иааидкыланы адунеи иқәынхо аерманцәа зегьи ирзеиӷьеишьеит аҭынчреи аизҳазыӷьареи.

Мемориал памяти жертв геноцида армян Цицернакаберд. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2015
Аерманцәа рытрагедиа: шәышықәсатәи ахьааи агәыӷреи

1915–1923 шықәсқәа рзы, аерман ҭоурыхҭҵааҩцәа рдыррақәа рыла, Османтәи аимпериаҿы иқәхын миллионки бжаки рҟара аерманцәа, иқәыццышәаан, ирҳәын 60 инареиҳаны аерман қалақьқәеи ҩ-нызқьи бжаки инареиҳаны аерман қыҭақәеи. Аерманцәа ргеноцид азхарҵеит иагьақәыӡбеит зажәа акырԥхылнадо жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа, иаҳҳәап - Европа Апарламент, Европа Ахеилак, Ауахәамақәа Адунеизегьтәи рхеилак, аха макьана уи азханамҵаӡацт Ҭырқәтәыла ахаҭа.

Есышықәса мшаԥы 24 рзы адунеи зегьы иқәынхо аерман диаспора иазгәанаҭоит Аерманцәа ргеноцид агәаларшәара амш. Мшаԥы 15 2015 шықәсазы Европарламент мшаԥы 24 Османтәи аимпериаҿы аҭыԥ змаз Аерманцәа ргеноцид агәаларшәара европатәи амш ҳәа ишьақәнарӷәӷәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0