Аекспорти аинвестициақәеи ирылацәажәеит аҟәатәи аделегациеи Краснодар абизнес еилазаареи

© Foto / Сайт Администрации СухумаГлава Администрации города Сухум Беслан Эшба, его заместители Леон Кварчия и Автандил Сурманидзе посетили муниципальный центр развития предпринимательства "Платформа" города Краснодара Источник:
Глава Администрации города Сухум Беслан Эшба, его заместители Леон Кварчия и Автандил Сурманидзе посетили муниципальный центр развития предпринимательства Платформа города Краснодара  Источник:  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи ихаҭыԥуаа Леон Кәарҷиеи Авҭандил Сурманиӡеи аҭааит Краснодар анаплакы аҿиара амуниципалтә центр "Платформа".

АҞӘА, мшаԥы  26- Sputnik. Краснодари Аҟәеи рыбжьара аекономикатә еинырра азҵаарақәа  ирылацәажәеит аҟәатәи аделегациа Краснодар иахьыҟаз. Абри атәы аанацҳауеит Аҟәа ахадара асаит.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2016
Аԥсни Чувашиеи рнаплпкҩцәа аусеицуразы еилацәажәеит

Аиԥылара иалахәын Краснодар ахадара аинвестициақәеи абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыҟәша, ааглыхра аҟәша, аҳәаанырцәтә еимадарақәа рыҟәша рхаҭарнакцәа, абизнесуаа.

Аԥсни Краснодартәи атәылаҿацәи рыбжьара атауареикәыршара апандемиа иахьмырԥшыкәа 2020 шықәсазы икамҳаит ҳәа иҳәеит атәылаҿацә ахада Дмитри Логвиненко.

Аҟәа ахада Беслан Ешба иазгәеиҭеит Краснодартәи атәылаҿацә аалыҵ  аиҳарак Аҟәеи Гагреи араионқәа рҿы ишыҟоу. Иара иҳәеит аекспорттә еилаӡарақәа рзы ишиашоу аимадарақәа шеиҿкаалатәу.

"Ари ҳара ҳзы акраҵанакуеит, избанзар аалыҵ ахатәхәыԥса ианыԥшуеит. Аекспорт-импорттә еилаӡараан ахәԥсеиҿкаара  аҽакуп, аиҳаракгьы атауар ааглыхыҩ иҟынтә ишиашоу ианнеиуа. Арегионалтә ҭиҩы уанидҳәало уи ихәԥса  ахәԥсацҵаз ашәахтә азгәаҭоуп – уи  аалыҵ ахә ҳаранакуеит. Абри азҵаара  алацәажәара ахәҭаны иҟоуп", - иҳәеит иара.

Беслан Ешба иазгәеиҭеит ақалақь ахадараҿы аус шауа аекономикатә ҿиара Адепартамент. Уи иалшоит  аконсультациақәа рымҩаԥгара анаплакыҩцәа реинырра аиҿкаара.

"Иазхәыцтәуп аицнаплак ҿыцқәараԥҵара Аԥсны аҵакыраҿы. Аҟәа адагьы ареспублика зегьы адәныҟатә аалыҵ иахьыԥшуп. 80 процент аалыҵ импортуп", - иҳәеит Ешба.

Итоги первого дня рабочего визита делегации Администрации г. Сухум в г. Чебоксары  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2021
Чебоксарынтәи Аԥсныҟа аалыҵ аекспорт 70 миллион доллар рыхә итәоит

Краснодартәи атәылаҿацә аекспорт ацентр адиректор Роман Воротников аидеиа адгылара аиҭеит, ацхыраара дшазыхиогьы иҳәеит. Аԥсны атәылаҿацә азы аинтерес зҵоу, аԥеиԥш змоу џьармыкьоуп ҳәа азгәеиҭеит.

"Афедералтә статистика ала зқьи хәышә експортер ҳамоуп. Иҳалшоит аиԥыларақәа реиҿкаара. Аҭаххара ыҟазар, шәааи ҳаинырлап", - иҳәеит Роман Воротников.

Аԥсны аекономикатәии аинвестициатәии лшарақәа ртәы еиҭеиҳәеит Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа.

Иалацәажәан Аҟәа агәамсамкажьырҭа аполигон аргылара. Краснодараа атәыла зегьы аҿы аполигонқәа рыҟазаара апроект ахь аинтерес аадырԥшит.

Беслан Ешба иҳәеит ареспублика уи азы атехникатәи атехнологиатәи зҵаара аус шаднауло.

Ажәабжьқәа зегьы
0