Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩи Шьамтәыла аекономика аминистри аинырразы еилацәажәеит

© Foto / Посольство Абхазии в СирииЧрезвычайный и Полномочный Посол Абхазии в Сирии принял в Посольстве Республики Абхазия в Сирийской Арабской Республике Чрезвычайного и Полномочного Посла Султаната Оман Турки Бен Махмуд Альбу Саиди
Чрезвычайный и Полномочный Посол Абхазии в Сирии принял в Посольстве Республики Абхазия в Сирийской Арабской Республике Чрезвычайного и Полномочного Посла Султаната Оман  Турки Бен Махмуд Альбу Саиди - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2021
Анапаҵаҩра
Шьамтәылатәи Арабтә республикеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рхьыԥшымрақәа шеицазхарҵои адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шрыбжьарҵои рзы аҳәамҭа ҟарҵеит 2018 шықәса лаҵара 25 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытабеи Шьамтәыла  аекономикеи адәныҟатә хәаахәҭреи рминистр Мхаммад Самер Аль Халили еиԥылеит ҳәа аанацҳауеит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа.

Аиԥылараҿы ирылацәажәан ҩ-ганктәи аекономикатә еизыҟазаашьақәа рыҿиара, ахәаахәҭра ԥхьаҟатәи аԥеиԥшқәа.

Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы мшаԥы 25 рзы иара убасгьы имҩаԥысит  Шьамтәыла иҟоу Асултанат Оман азинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Турки Бен Махмуд  Альбу Саиди иԥылара.

Оман ацҳаражәҳәаҩ Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ идиныҳәалеит  Шьамтәыла Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аартра, Аԥсны ажәлар ирзеиӷьеишьеит  аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи.

Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәнаргылеит 2018 шықәса лаҵара 25 рзы.

2020 ԥхынгәымза анҵәамҭазы Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада Башар аль-Асад дидикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба. Имҩаԥган аҳәынҭқарратә гәраргагатә шәҟәқәа реимдара. Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа официалла аартра ацеремониа мҩаԥысит Дамаск ақалақь аҿы жьҭаара 6 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0