Акоронавирус хызҽуа урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа ианаауа арыцхә еилкаахеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтправка вакцины Sputnik V от COVID-19 за границу
Отправка вакцины Sputnik V от COVID-19 за границу - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2021
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы акоронавирус хызҽуа урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" ззеиԥш уааԥсыра х-миллиардк еиҳау адунеи атәылақәа 60 рҟны иазыразуп.

АҞӘА, мшаԥы 29 - Sputnik. Урыстәылатәи алаҵа "Спутник-V" Аԥсныҟа иаауеит ахәаша, мшаԥы 30 рзы, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Раԥхьатәи апартиа 6500 доза иҟалоит.

Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзураҿы ишазгәарҭаз ала, алаҵаҟаҵара ианалаго арыцхә макьана ишьақәдмыргылаӡацт.

Уаанӡа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ТАСС аинтервиу анеиҭоз, ииҳәеит раԥхьа алаҵа шырзыҟарҵо аҳақьымцәа, егьырҭ акатегориақәа Акоординациатә штаб абжьгарала иалыркаауеит, аха излахәаԥшуа ала, урҭ арҵаҩцәеи атуристтә усхк знапы алакуи ракәхоит.

Алаҵа "Спутник V" аԥҵоуп иҭҵаау, игәаҭоу ауаҩԥсы иаденовирустә вектор аплатформала. Иара иамоу аԥыжәарақәа иреиуоуп ашәарҭадара, хра аманы аҟазаара, акраамҭатәи ахҟьаԥҟьақәа рыҟамзаара ҳәа азгәарҭоит. Алаҵа "Спутник V" 60 тәыла, иааизакны зуааԥсыра 1,5 миллиард иҟоу рҟны иазхаҵоуп. Алаҵа ашәарҭадареи хра аманы аҟазаареи 91,6% ишынаӡо атәы шьақәнарӷәӷәоит амедицинатә журнал The Lancet ианыз акьыԥхьымҭаҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0