Иԥсҭазаара далҵит ажурналист Семион Адлеиба

© Sputnik / Томас ТхайцукСемен Адлейба
Семен Адлейба - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Семион Адлеиба Аԥсуа радио акорреспондентс аус иуан 50 шықәса инареиҳаны.

АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik. Иԥсҭазаара далҵит еицырдыруа аԥсуа радиожурналист Семион Адлеиба, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла.

Семион Адлеиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2017
Семион Адлеиба: акабинет аҟны аусура сыцәтәымуп

Семион Адлеиба - Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, аорден "Ахьӡ-аԥша" III аҩаӡара акавалер, "Агәымшәараз" амедал занашьоу. Аԥсуа радио аҿы репортиорс аус иухьан 50 шықәса инареиҳаны.

1957 шықәса раахыс Адлеиба далахәын аԥсуа милаҭ-хақәиҭратә қәԥара, 1977 шықәсазы инапы аҵаиҩит аҵак ду змаз ЦК КПСС ахь иршьҭыз "130-ҩык рышәҟәы".

Иара иусураҿы еиҳарак дрызҿлымҳан аҭоурых, архитектуратә баҟақәа, атуризм ирыдҳәалаз атемақәа. Иара Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз интервиук аан иҳәахьан аспециалистцәа ирзымдырҵәҟьогьы абаҟақәа ахьыҟоу шидыруа.

Семион Адлеиба 85 шықәса ихыҵра иазкны иазырхиаз анҵамҭа шәаԥхьар ҟалоит абра>> "Сара схаҭа схы саԥшәымоуп": Семион Адлеиба 85 шықәса ихыҵра иазкны

Ажәабжьқәа зегьы
0