Аԥсны ААР урыстәылатәи аблогер Выграновски иԥсра ахҳәаа анаҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМВД Абхазии
МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аблогер Витали Выграновски иԥсҭазаара далҵит лаҵара 2 аҽны, 40 мшы имҩаԥигоз амлашьра ашьҭахь.

АҞӘА, лаҵара 4 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Имҩаԥгаз аҭҵаара иаанырԥшит урыстәылатәи аблогер Витали Выграновски иԥсра акриминал ҟазшьа шамам, ицәеижь аҟны кьыс шаарԥшым, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Бадра Аиба.

Виталий Выграновский - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2021
Урыстәылатәи аблогер иԥсҭазаара далҵит Аԥсны 40 мшы имҩаԥигоз амлашьра ашьҭахь

"Лаҵара 2 2021 шықәсазы, ашьыжь 08:30 рзы афонтәи амилициа аҟәшахьы адырра ҟаҵан Анхәа ақыҭан аӡәгьы дахьахым аҩнаҟны аԥсыбаҩ шыԥшааз. Аҭыԥахь инеит амилициеи апрокуратуреи русзуҩцәа. Аҭыԥаҟны ирбеит ахаҵа иԥсыбаҩ", - иҳәеит Аиба.

Витали Выграновски YouTube аҿы аканал мҩаԥигон, уаҟа иҳәон крымф-крымжә 40 мшы аҟазаара шилшо, иара убас иԥышәара алҵшәақәа дырзааҭгылон "ВКонтакте" идаҟьаҿы. Выграновски дыздыруаз аблогерцәа асоциалтә ҳақәа рҟны ирыҩуеит, иԥсҭазаара далҵит ичгара ашьҭахь ҳәа.

Выграновски амлашьра далагеит хәажәкырамзазы Москва. Ажәабатәи амш азы игәабзиара дахашшаауа далагеит, "ақалақьтәи аԥсҭазаара иқәыӷәӷәо" даналага дааит Аԥсныҟа, араҟа амлакра иациҵеит. Аҩажәатәи амш азы аблогер еиҭеиҳәеит ишигхаз, аха "аҽрыцқьара" дшахысыз. Аблогер имҩаԥигоз аԥышәара - акрымфара игәабзиара ааха шанаҭаз инырит 35 амш азы, аха имлашьра иациҵеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0