Иоушьҭра иазыԥшуп: Ахра Аҩӡба идгыларазы акциа шымҩаԥысуаз

© SputnikРодные и друзья Ахры Авидзба собрались у здания Службы государственной безопасности Абхазии
Родные и друзья Ахры Авидзба собрались у здания Службы государственной безопасности Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2021
Анапаҵаҩра
Ахра Аҩӡба иуацәеи иҭынхацәеи Аԥсны АШәМ аԥхьа еизеит лаҵара 4 рзы. Дара азыԥшын заанкылара аҿҳәара лаҵара 5 рзы инҵәо Ахра доурышьҭуеит ҳәа.

Sputnik

Ахра Аҩӡба иуацәеи иҭынхацәеи Аԥсны АШәМ аԥхьа еизеит

Ахра Аҩӡба иуацәеи иҭынхацәеи азыԥшуп заанкылара аҿҳәара лаҵара 5 рзы инҵәо Ахра доурышьҭуеит ҳәа.

Судейский молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2021
Ахра Аҩӡбеи ихьчаҩцәеи рус аӡбарҭахь инашьҭуп

Ахра Аҩӡба иаанкылара аҿҳәара лаҵара 5 рҟынӡа ҳәа иԥхьаӡоуп мшаԥы 2 азтәи Аҟәатәи ақалақьтә еизара аӡбрала. Убри аан Ахра Аҩӡба идукат Инга Габилаиаԥҳа иазгәалҭоит мшаԥы 29 аахыс Ахра иус Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭахь ишынашьҭу.

"Аӡбарҭа ақәҵара аднакылеит ахарадҵа шыҟоу имԥсахкәа иааныжьзарц, аха сара уи закәандароуп ҳәа исшьоит, избанзар Ашьаус-процессуалтә закәанеидкылаҿы иарбоуп хымш рыҩныҵҟа апрокуратура аӡбарҭахь азыҳәа нанашьҭроуп, аӡбарҭагьы уи азхьаԥшра анаҭароуп ҳәа" - лҳәеит Инга Габилаиаԥҳа.

Апрокурор изыҳәада аӡбаҩ азин имам ахарадҵа ацҵара, аха ара аҿҳәарагьы арбам, ус ишыҟоу иааныжьзааит ҳәа арбоуп, лҳәоит адукат.

"Сара сеиԥш азиндырыҩцәа рацәаҩны ари иашам ҳәа ахырҳәаауеит: иалшом ауаҩы иус рмыӡбо, иҭырымҵаауа дырбаандаҩны иҟазаара. Ашьаус аӡбарҭахь ишынарышьҭыз аиԥш фымз рыҩныҵҟа ауаҩы дааныркылоит, ус еиҳа ирзыманшәалоуп, аха ус иашаӡам. Иахьазы азинхьчаҩцәа адокумент рнапаҿы иркуп – Ахра Аҩӡба иаанкылара аҿҳәара лаҵара 5 рҟынӡа амоуп ҳәа", - азгәалҭоит Инга Габилаиаԥҳа.

Лара илҳәеит аӡбаҩцәа реилатәара лаҵара 12 рзы имҩаԥысраны иҟоуп ҳәа.

Апрокуратура хадаҿы ирҳәеит аус аӡбарҭаҿы иҟоуп, убри азы ауп аӡбарҭагьы ақәҵара заднакыло ҳәа. Апрокуратура хадаҿы иҟаҵаз азҵаара: "Ахра Аҩӡба лаҵара 5, асааҭ 00:00 рзы доурышьҭуоу доурмышьҭуоу?" ахҳәаа арымҭеит.

Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Ахра Аҩӡба иуацәеи-иҭынхацәеи рахь днеиит

Ахра Аҩӡба иуацәеи иҭынхацәеи, уаанӡа Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахыбра аҿаԥхьа игылаз ииасит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аганахь, убри аан азҵаара ҟарҵоит Ахра иаанкылара аҿҳәара иахылахьеит, иара дзоушьҭымзеи ҳәа.

Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар Ахра Аҩӡба иуацәеи-иҭынхацәеи рахь днеиит. Иара иҳәеит аус ззынашьҭу Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭа Ахра иаанкылара аҿҳәара ацҵаразы ақәҵара аднакылеит ҳәа.

Аминистр иара убасгьы иҳәеит азинхьчаратә усбарҭақәа аӡбарҭа аӡбамҭа шынарыгӡо, Ахра Аҩӡба доушьҭтәуп ҳәа аӡбамҭа рыдыркылар – ихы дшақәиҭтәхо.

Ахра Аҩӡба идгыларазы акциа мҩаԥысуан х-сааҭк 

Ахра Аҩӡба иуацәеи иҭынхацәеи аҳәамҭа ҟарҵоит Ахра иоушьҭра ишазыԥшу, Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбрала иара иаанкылара лаҵара 5 асааҭ 00:00 азы ишынҵәо.

Изъятое оружие и боеприпасы - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2021
Ахра Аҩӡба иҩнаҟны абџьари аџьаԥҳани рыԥшааит

Иара убасгьы аҭаҳцәа адҵа ҟарҵоит иҭаку дырбаразы, иацәажәара азин рырҭарц. Еизаз рҟынтәи аҳәса ирҳәеит аминистрра аҭаларҭа шааныркыло, акрымфарагьы ишалаго Ахра Аҩӡба иганахь ала еиҭакра ҟамлар.

Ахра Аҩӡба иԥшәмаԥҳәыс Иулиа Аҩӡыԥҳа лажәақәа рыла, Аҩӡаа рхаҭарнакцәа Аԥсны АШәМ ахантәаҩы Роберт Киут иԥыларци Ахра дырбарази амаҵзурахьы инеиит.

Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа хәажәкыра 4 рзы Ахра Аҩӡба дахьынхоз аҩнаҟны иаадырԥшит иҵәахыз абџьар, аџьаԥҳаны, ахархәага ҷыдақәа, арадиодырраҭара мҩаԥызго ашьақәгылақәа. Ашьаус хацыркын уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0