Аҟәа еиҿыркааит Аибашьра Ду иазку акиносахьақәа дырбара

© Sputnik / Асмат Цвижба Показ военных фильмов в честь Дня Победы организовали в Сухуме
Показ военных фильмов в честь Дня Победы организовали в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.05.2021
Анапаҵаҩра
Аиааира амшныҳәазы аибашьра иазку акиносахьақәа ашколхәыҷқәа дырбара еиҿкаауп Амилаҭтә библиотекаҿы мшаԥы 28 раахыс.

АҞӘА, лаҵара 6 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҭаацәа рреспубликатә еилаки Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакреи аҟәатәи ашколқәа рҵаҩцәа аибашьра иазку акиносахьақәа дырбара еиҿыркааит.

Аҭаацәа рреспубликатә еилакы аиҳабы Гәында Кәарҷиаԥҳа лажәақәа рыла, Россотрудничество Урыстәыла акиносахьақәа рҳәынҭқарратә архив аҟынтәи ашколхәыҷқәа рзы акиносахьақәа дырбара еиҿыркааит. Ахәыҷқәа ирбар рылшоит акинофильмқәа: "Орлионок", "В то далекое лето", "Девочка ищет отца", "Иваново детство", "Вступление".

Ветераны Великой Отечественной войны на церемонии возложения цветов около Вечного огня в парке Победы во время празднования Дня Победы в Ереване - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2021
"Сара сеибашьра": Аԥснынтәи Аибашьра Ду аветеранцәа злахәу афильм ҭыҵит

Аҟәатәи абжьаратә школ №4 аҵаҩы Георги Кокаиа иклассаа дрыцны 13 шықәса зхыҵуаз ленинградтәи апартизанка Лариса Михеенко лфырхаҵара иазку афильм "В то далекое лето" дахәаԥшит. Иара ишиҳәо ала, акиносахьа даара аинтерес икит, гәахәарыла дахәаԥшит.

"Сара сҭаацәараҟынтә еибашьуаз ыҟан. Исзеиҭарҳәахьан аибашьра акыр ԥсҭазаара шагаз. Аҭоурых адырра даара иахәҭоуп ҳәа сгәы иаанагоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Ахәбатәи акласс анапхгаҩы Анжела Дауҭиа илҳәеит акинофильмқәа рыхәаԥшра ахәыҷқәа рдыррақәа арҭбааит ҳәа.

"Ахәыҷқәа Аиааира Ду иазку аҭоурыхқәа иҵегь рдыруазар бзиан. Ирацәаҩуп аԥснытәиқәа – аибашьра иалаӡыз. Ибзиан ирдырыр дазусҭадаз апионер, акомсомолец, иара убас ихәыҷқәазгьы Аиааира амш аагара ишацхраауаз", - ҳәа лҳәеит лара.

Амилаҭтә библиотекаҿы афильмқәа дырбара мҩаԥысуеит лаҵара 7 рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0