Аслан Бжьаниа Тамшь ақыҭан акоттеџьтә комплекс аргылара шцо даҭааны ибеит

© Foto / официальный сайт Президента Республики АбхазияКоттеджный комплекса в Тамыше
Коттеджный комплекса в Тамыше  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2021
Анапаҵаҩра
Аобиект ахархәарахь инарышьҭуеит рашәарамзазы. Атуристтә комплекс аҵакыреи аплиажи аҭааразы иаартхоит.

АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа даҭааны ибеит Тамшь ақыҭаҿы зыргылара цо атуристтә комплекс, 600-ҩык зкуа акоттеџьқәа ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

© Foto / официальный сайт Президента Республики Абхазия Аслан Бжьаниа Тамшь ақыҭан акоттеџьтә комплекс аргылара шцо днеины ибеит
Аслан Бжьаниа Тамшь ақыҭан акоттеџьтә комплекс аргылара шцо даҭааны ибеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2021
Аслан Бжьаниа Тамшь ақыҭан акоттеџьтә комплекс аргылара шцо днеины ибеит

Аобиект аргылара иалагеит 2020 шықәса жьҭаарамзазы. Асасааирҭатә комплекс "Тamish Village" аԥаразоужьра мҩаԥнагоит урыстәылатәи атуристтә еилахәыра "Библио-Глобус". Акомплекс рашәарамзазы ахархәарахь ирыҭахоит ҳәа иазыԥшуп. Уажәы аргыларақәа актәи ретап ахыркәшарахь инеихьеит.

Аслан Бжьаниа хаҭала аусурақәа рцашьа дацклаԥшуеит. Изныкымкәа иҳәахьеит аобиект Аԥсны зегьы азы, ҷыдала Мрагыларатәи ахәҭазы аҵак ду аманы иҟоуп ҳәа.

"Араион аҿы иҟам иарбанызаалак идуу туристтә обиектк. Акомплекс ахархәарахь ишрыҭахалак аԥсҭазаара аҽеиҭанакуеит. Иҟалоит аусурҭа ҭыԥқәа, ашколқәа рҿы аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара иазҳауеит, аҭыԥантәи ауааԥсыра аԥара дырҳартә аҭагылазаашьа роуеит. Ари гәахәара дууп", - ҳәа иҳәеит ахада.

Адырраҭараҿы иазгәаҭоуп ара аус шыруа 170-ҩык ауааԥсыра, урҭ рҟынтәи 150-ҩык аҭыԥантәиқәа роуп. Иазԥхьагәаҭоу ауалафахәы 25 000 мааҭ ыҟоуп.

Акомплекс аргылара ҩ-етапкны еихшоуп. Аԥхьа 600-ҩык зкыша акоттеџьқәа дыргылоит, аҩбатәи аетап аан – 400-ҩык зкыша.

Асасааирҭатә комплекс "Тamish Village" аҿы иҟалоит атуристцәа шықәсынаҟьак рыԥсы ршьарц азы алшара рызҭо аинфраструктура. Ара еиҿкаахоит: аспорттә комплекс, ахәыҷқәа рыхәмарырҭа, алшықәсанык аус зуло идырԥхо ахәыҷқәеи адуцәеи рзы аӡҭарчқәа, адәқьан ду, аԥҭека, ҳаамҭа иақәшәо аплиаж, аресторан.

Ажәабжьқәа зегьы
0