Атуризми ақыҭанхамҩеи еидызҳәало: ахԥатәи аусутә форум "Visit Apsny" хыркәшан Гагра

© Sputnik / Томас ТхайцукТретий деловой форум Visit Apsny
Третий деловой форум Visit Apsny - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2021
Анапаҵаҩра
III жәларбжьаратәи аусутә форум "VISIT APSNY" иалахәын асасдкылара Аԥсны атуристцәа раԥхьалара алзыршо факторк аҳасабала иалацәажәо, аперсонал ралԥшаара, агастрономиатә туризм уҳәа рызҵаарақәа шьҭызхуа Аԥсни Урыстәылеи рекспертцәа.

АҞӘА, лаҵара 12 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ахԥатәи жәларбжьаратәи аусутә форум "VISIT APSNY" Гагра аусура хнаркәшеит лаҵара 11 рзы.

Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәан еиуеиԥшым атемақәа: ақыҭанхамҩа аҿиареи атуризм аҿиареи реидҳәалара, агротуризми агастротуризми Аԥсны рыҿиара, амаҵзурақәа русхк аҟны аперсонал разыҟаҵара, аотельқәа рыклассификациа.

Афорум иалахәын: Урыстәыла Аҳәынҭдума аҭҵаарадырра-експерттә хеилак аексперт Елена Чурина, Урыстәыла арестораторцәеи аотелиерцәеи Рфедерациа азеиԥшҵаратә технологиақәа рдепартамент аиҳабы Светлана Преутеско, апроект "Horecaclub" анапхгаҩы, "Атуризм аԥснытәи аидгыла" апартниор Анна Папиж, Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аиҳабы Ҭамила Мерцхәылааԥҳа, Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Хагәышь, Ахархәаратә стандарти атехникатә хылаԥшреи рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Галуст Трапизониан, Аусутә форум "VISIT APSNY" аиҿкааҩ "Атуризм аԥснытәи аидгыла" ахада Анна Калиагина.

Аусутә форум "VISIT APSNY" раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысит 2018 шықәсазы. Иара еиҿыркааит "Атуризм аԥснытәи аидгыла", "Ақыҭанхамҩаарыхыҩцәа Рассоциациа", атуристтә еилахәырақәа "Аҵыҭәақә тревел", "Visit Abkhazia". Информациатә партниорс иазыҟоуп Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0