Аҟәа ақалақь аҿы ирыдыркылар рылшоит Казань ааха зауыз ауаа

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация города Сухум
Администрация города Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2021
Анапаҵаҩра
Казань ақалақьтә гимназиа №175 аҿы иҟалаз ахысрақәа ирыхҟьаны жәҩык ҭахеит, урҭ рҟынтәи быжьҩык хәыҷқәоуп.

АҞӘА, лаҵара 12 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аҿы ирыдыркылар рылшоит Казань ааха зауыз ауаа ҳәа аҳәоит аҳҭнықалақь ахадара асаит.

Казань, лаҵара 11 рзы 19-шықәса зхыҵуаз аколлеџь астудент ашкол аҿы ахысра далагеит. Ахысрақәа ирыхҟьаны жәҩык ҭахеит, урҭ рҟынтәи быжьҩык хәыҷқәоуп. Ҭаҭарсҭан иахьа алахьеиқәра иамшуп.

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба Казань ақалақь ахада Ильсур Метишин ашәҟәы изынаишьҭит. Ашәҟәаҿы иҳәоуп Аҟәа ақалақь аҿы ирыдыркылар шрылшо Казань ааха зауыз ауаа рҭаацәарақәа.

"Аҟәа азыхиоуп Казантәи арыцҳара иаҵанакыз аҭаацәарақәа рыдкылара ргәабзиара ашьақәыргыларазы. Ари ҳара иаҳуалны иҳаԥхьаӡоит арыцҳара иақәшәаз рганахь ала", - аҳәоит ашәҟәаҿы.

Казань ахада иҟалаз ахҭыс террактуп ҳәа ахиҳәааит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0