АҞӘА, лаҵара 25 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 404-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 53-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 41-ы, урҭ рахьтә 37-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 13-ҩык, ибжьаратәуп - 24-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 29-ҩык апациентцәа. Очамчыра ирхәышәтәуеит жәаҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 18-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>