Агеологцәа Ауадҳара еиҭах адгьылҿыбгара ҟалар алшоит ҳәа иацәшәоит

© Foto / Screenshot:YouTube/ Аҧсуа телехәаҧшраОползень в горах Ауадхары
Оползень в горах Ауадхары  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2021
Анапаҵаҩра
Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк иаҵанакуа Ауадҳара аҩадахьы лаҵарамза 9 рыҽны иҟаз амшцәгьа иахҟьаны адгьыл ҿыбгеит.

АҞӘА, лаҵара 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Агеологцәа Ауадҳара даҽазныкгьы адгьылҿыбгара иацәшәоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит адгьылхархәареи акадастри рзы аусбарҭа агеологиа аҟәша аиҳабы Инал Бебиа.

Агеологцәа рылкаақәа рыла, адгьыл ахьҿыбгаз аҭыԥ аҭышәынтәалара еилагоуп. Аҟазауаа ргәаанагарала, иаанханы иҟоу аҿҟьара ахәҭагьы ҿыбгар алшоит, аиҳаракгьы ақәоурақәа ҟалар.

Бебиа иажәақәа рыла, адгьыл аҿыбгара ахҟьеит ақәоурақәеи асыԥсасиреи адгьыл ахьдырцәаакыз азы.

"Ҳгәаанагарала, адгьыл аҳәазара мзызс иаиуит ақәоура, асыԥсасира, адгьыл ацәаакыра ду. Адгьыл ари аҭыԥ аҿы ҿысҭа-ҿысҭала еилоуп, анышәаԥшьреи аԥслымӡреи рҽырыԥсахуеит. Адгьыл аныцәааку анышәаԥшь ахьанҭара иацлоит", - ҳәа иҳәеит Бебиа.

Ауадҳара иахьаҵанакуа иҿыбгаз адгьыл ахышәаҵышәа 18-20 гектар иҟоуп, 300 метра ҭбаарала иҟоуп, аурыла – километраки бжаки. Иара иҳәеит адгьыл макьанагьы ишыҳәазо, макьаназы ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра нап аркра шалымшо, аҭҵаарақәа шымҩаԥгатәу.

Оползень в горах Ауадхары  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2021
Ауадҳаратәи адгьылҿыбгара ахышәа-ҵышәа иҟоу еилкаахеит

Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк иаҵанакуа Ауадҳара аҩадахьы лаҵарамза 9 рыҽны иҟаз амшцәгьа иахҟьаны адгьыл ҿыбгеит.

Адгьылҳәазара ахьыҟалаз аҭыԥ атуристтә маршрут аҿы иарбоу мҩоуп, уахь иахьазы анеира залшом.

Уи адагьы аӡымҭҟьар 300-400 метра амҽханакит, уи иахҟьаны амҩаду иазааигәаны ииасуаз аӡиас ацарҭа ааннакылеит, ҭыԥқәак рҟны аҳаракыра ԥшь-метрак рҟынӡа инаӡоит. Убра иаӡәӡәо агәамсам, иаанаго анышә Риҵа иалалоит. Аӡиа иахьа ихәашьӡа иҟоуп. Аспециалистцәа излазгәарҭо ала, уи ахәашьра аԥхын зегьы инхар ҟалоит, иара убасгьы аӡы аԥхарра иацлар ҟалоит градуск, ҩ-градуск рҟынӡа, уи аԥсыӡқәа ирзымчҳар алшоит ҳәа.

Аҟазауаа аҭагылазаашьа аҭҵааразы имҩаԥырго аусурақәа реихшьала инақәыршәаны акт шьақәыргылахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0