Аԥсны ашьхараҿы иӡыз атурист ишьҭалоит урыстәылатәи аволонтиорцәа

© Foto / facebook/МЧС Абхазии МЧС Абхазии продолжает мониторинг территории предполагаемого нахождения российского туриста
МЧС Абхазии продолжает мониторинг территории предполагаемого нахождения российского туриста - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА урыстәылатәи атурист Владимир Улианов дыҟазар ахьалшо аҵакыраҿы аԥшаарақәа ирыцнаҵоит.

АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Владимир Улианов иԥшааразы агәаҳәара змоу аволонтиорцәа ргәыԥ аҽеизгара иаҿуп ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны АҶА.

Рмаршрут акыр иахьыуадаҩу азы аусбарҭа анапхгара иаӡбеит Аԥсны АҶА аԥшаара-еиқәырхаратә отриад аусзуҩцәа ҩыџьа аволонтиорцәа ргәыԥ ирыцнаҵарц ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы. Уи адагьы, аволонтиорцәа ашьха ҳаракырақәа рҿы иҟоу альпиатәи азонахь ихалаӡом.

© Foto / facebook/МЧС Абхазии Аԥсны ашьхараҿы иӡыз атурист ишьҭалоит урыстәылатәи аволонтиорцәа
Аԥсны ашьхараҿы иӡыз атурист ишьҭалоит урыстәылатәи аволонтиорцәа - Sputnik Аҧсны
1/3
Аԥсны ашьхараҿы иӡыз атурист ишьҭалоит урыстәылатәи аволонтиорцәа
© Foto / facebook/МЧС Абхазии Аԥсны ашьхараҿы иӡыз атурист ишьҭалоит урыстәылатәи аволонтиорцәа
Аԥсны ашьхараҿы иӡыз атурист ишьҭалоит урыстәылатәи аволонтиорцәа - Sputnik Аҧсны
2/3

3/3

Адгьыл аҿы аԥшаарақәа анхыркәшаха ашьҭахь, ахьчара-еиқәырхаратә операциа Мрагыларатәи Гәымсҭа ахахьгьы аԥшаарақәа ирыцнаҵеит. Амш анеилгалак, Аԥсны АҶА авертолиот ҩаԥхьа урҭ аҵакырақәа ирхаԥраалоит. Владимир Улианов дшыӡыз азы адырра рырҭахьеит арҭ аҭыԥқәа здыруа ашәарыцацәагьы.

Аԥсны АҶА аԥшаара-еиқәырхаратә отриад лаҵара 22 рзы ихнаркәшеит лаҵара 12 раахыс иӡны иҟоу урыстәылатәи атурист Владимир Улианов иԥшаара. АҶА аԥшааҩцәеи  аинструктор Анна Гилевои Владимир Улианов дыҟоуп ҳәа агәаанагара ахьыҟаз аҭыԥ аҟынӡа инеит. Аиқәырхаратә  команда ашьхарантә аԥшаҳәахьы албаара амаршрут аус адырулеит. Аха иӡыз атурист дырзымԥшааит.

Поездка в село Псху  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2021
Аԥсны АҶА вертолиотла ашьхараҿы иӡыз атурист ишьҭан

Аԥсны АҶА аинформациала, урыстәылатәи аҟазауаа аԥшаарақәа ирылахәхоит ҳәа аофициалтә информациа рымам.

Лаҵара 25 азы Аҟәатәи араионтә прокуратурахь Улианов иӡразы аматериал нашьҭын.

Аԥсны АҶА адыррақәа рыла, Владимир Улианов Аԥсныҟа дааит Екатеринбургынтәи. АҶА излаҳәоз ала, агәыԥ аинструктор Анна Гилева адырра рылҭеит асоура ӷәӷәеи акырцхи шрыхьӡаз, уи иахҟьаны рымҩа иацәыхҟьеит, изыхнымҳәӡеит рбаза ахьыҟаз алагерь ахь, уа дырзыԥшын Улиановгьы. Усҟан дара ирыӡбеит агаҿахь илбааны Аԥсны АҶА ацхыраара иаҳәарц. Иӡыз ауаҩы иԥшааразы Аԥсны АҶА авертолиот халарҵар рҭахын, аха уи залмыршахеит аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны. Убри азы иӡбан шьапыла аиқәырхаҩцәа аҭыԥ ахь идәықәҵазарц. Атуристтә гәыԥ иалахәын Нижни Тагил, Екатеринбург, Челиабинск, Санкт-Петербург рҟынтәи атуризм абзиабаҩцәа.

Атуристцәа егьырҭ ргәыԥ лаҵара 13 рзы Ачадараҟа инеит. Дара уа аангыларҭа рыман. Лаҵара 14 рзы дара ареспублика аанрыжьит.

Ажәабжьқәа зегьы
0