Аԥсны акоманда напышьашәалатәи аиқәԥаразы адунеитә еицлабраҿы ахԥатәи аҭыԥ ргеит

© Foto / Facebook/Государственный комитет РА по делам молодежи и спортуСборная Абхазии стала третьей в командном зачете на Кубке мира по полноконтактному рукопашному бою
Сборная Абхазии стала третьей в командном зачете на Кубке мира по полноконтактному рукопашному бою - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.06.2021
Анапаҵаҩра
Напышьашәалатәи ақәԥаразы адунеи Ахраҿа FCF-MMA агаразы XII аиндаҭларақәа мҩаԥысит лаҵара 28 - 30 рзы Таганрог.

АҞӘА, рашәара 4 - Sputnik. Аԥсны еизгоу акоманда напышьашәалатәи ақәԥараҿы адунеи Ахраҿа агараан ахԥатәи аҭыԥ ранашьахеит ҳәа аанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.

Аиндаҭларақәа рҿы Аԥсны ахьӡала Аԥсни Урыстәылеи зҽаԥсазтәыз рзыҟаҵаҩ Ваграм Алексаниан иааӡамҭацәа Артур Акопиани Рауль Хзарџьиани, Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа акикбоксинг асекциа ааӡамҭаҩцәа Александр Зыхәбеи Енри Агрбеи алахәын. Арҭ аспортсменцәа азыҟаиҵоит Таташь Аҭәмаа.

Зынӡа атурнир иалахәын 160 спортсмен. Актәи акомандатә иааира агеит Урыстәыла, аҩбатәи - Кырӷызсҭан.

Ажәабжьқәа зегьы
0