Хьыбла Гьерзмааԥҳа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә аԥхьахә ланашьахеит

Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин 2020 шықәсазы алитературеи аҟазареи русхк аҟны Аҳәынҭқарратә аԥхьахә анашьаразы Аусдҵа инапы аҵеиҩит.

АҞӘА, рашәара 9– Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә аԥхьахә ланашьахеит алитературеи аҟазареи русхк аҟны лылшамҭа ду азы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Акультуреи арккаратәи усура рырҿиараҿ ллагаламҭазы 2020 шықәсазтәи Аҳәынҭқарратә аԥхьахә ланашьоуп ашәаҳәаҩ Хьыбла Леуарса-иԥҳа Гьерзмааԥҳа", - иҳәеит акультураз Урыстәыла ахада иабжьгаҩ Владимир Толстои МИА "Россия сегодня" апресс-центр аҿы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҿ.

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә аԥхьахә 2020 шықәсазы алитературеи аҟазареи русхк аҟны ианашьоуп Григори Валери-иԥа Алфеев, амитрополит Иларион ҳәа еицырдыруа. Ахԥатәи алауреат – аскульптор Александр Иулиан-иԥа Рукавишников.

Атәыла ахада Владимир Путин аԥхьахәқәа риҭоит Кремль, рашәара 12 азы, Урыстәыла Амш аҽны.

Международный фестиваль Хибла Герзмава приглашает прошел в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2021
Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." Аԥсны нанҳәамзазы имҩаԥысуеит

Аҳәынҭқарратә аԥхьахә ауаажәларреи аҳәынҭқарреи рҿаԥхьа аҭҵаарадырреи акультуреи русзуҩцәа рылшарақәа ирыхәшьароуп.

2020 шықәса рзы иара 10 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмааԥҳа – адунеитә оператә дунеи аҟны инарылукааша шәаҳәаҩуп. Ла Скала, Ковент-Гарден, Метрополитен-опера, Бавартәии Римтәии атеатрқәа, Венатәи аопера рысценақәа рҟны изныкымкәа дықәгылахьеит. Аконцерттә программақәа лыманы адунеи атәылақәа жәпакы дырҭаахьеит.

Хьыбла Гьерзмааԥҳа – Урыстәылеи Аԥсни Жәлар рартистка, аԥхьахәқәа "Триумф", "Casta Diva", амилаҭтә театртә ԥхьахә "Ахьтәы сабрада", атеатртә ԥхьахә "Ахьы Орфеи" ланашьоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0