Ахрик Цәеиба "MRS & MS RUSSIA EARTH 2021" алахәылацәа рзы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥигеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАхра Цвейба
Ахра Цвейба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.06.2021
Анапаҵаҩра
Аицлабра "Мисс и Миссис Россия Земля 2021" афинал рашәара 13 азы Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы имҩаԥгахоит.

АҞӘА, рашәара 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Еицырдыруа аԥсуа шьапылампыласыҩ Ахрик Цәеиба аицлабра "Мисс и Миссис Россия Земля 2021" алахәылацәа рзы астадион "Динамо" аҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥигеит ахәаша рашәара 11 рзы.

Аҳҭнықалақь астадион аҿы аицлабра алахәылацәа еиуеиԥшым абаҩырҵәырақәа ҟарҵон, ахәмарратә еиндаҭларақәа ирылахәын.

© Sputnik / Томас ТхайцукАхрик Цәеиба "MRS & MS RUSSIA EARTH 2021" алахәылацәа рзы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥигеит
Ахрик Цәеиба MRS & MS RUSSIA EARTH 2021 алахәылацәа рзы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥигеит - Sputnik Аҧсны
1/4
Ахрик Цәеиба "MRS & MS RUSSIA EARTH 2021" алахәылацәа рзы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥигеит
© Sputnik / Томас ТхайцукАхрик Цәеиба "MRS & MS RUSSIA EARTH 2021" алахәылацәа рзы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥигеит
Ахрик Цәеиба MRS & MS RUSSIA EARTH 2021 алахәылацәа рзы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥигеит - Sputnik Аҧсны
2/4

3/4

4/4

"Аицлабра "Мисс и Миссис Россия Земля 2021" афиналтә хәҭахьы инеит Урыстәыла арегионқәа 30 рҟынтәи 50-ҩык. Аицлабра апрограмма шьақәгылоуп афотосессиа, уаххьа-хада рыла. Аҭыԥҳацәа ӡырыргеит, аномерқәа рырҭеит. Иацы аартратә хәылԥаз ҳаман. Алахәылацәа аҟазаратә номерқәа ҳдырбеит. Иреиӷьу афинал ахь инагахоит", - ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аконкурс аиҿкааҩ Надежда Лысенко.

Аицлабра "Мисс и Миссис Россия Земля 2021" афинал рашәара 13 азы Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы имҩаԥгахоит Аԥсны акультура аминистрра адгыларала.

"Иахьа спорттә мшуп. Аспорт азҟаза Ахрик Цәеиба Аԥсны адагьы еицырдыруа спортсменуп. Иара ҳаӡӷабцәа ирзеиҭеиҳәоит аспорттә ҽазыҟаҵара хымԥада ишаҭаху, рус ргәы азҭеиҵоит", - ҳәа лҳәоит аиҿкааҩ.

Аԥшӡара аицлабра Аԥсны амҩаԥгара аидеиа цәырҵит Аԥсны иҭаҩу Амилаҭтә ассоциациа "Акультура, аспорт, аԥшӡара" анаԥҵаха ашьҭахь ҳәа азгәалҭоит Лысенко.

"Аԥсни Урыстәылеи ркультурақәа еидызҳәало апроектқәа аԥҵан. Ари аицлабра раԥхьатәи проект дууп. Иара ӡырнагоит ҳассоциациа. Ҳара апроект иалаҳархәит аԥсуа ҭыԥҳацәагьы. Раԥхьаӡа акәны аԥхьахә лоуеит "Абхазия Земля – 2021" амиссис ма амисс" лҳәоит лара. Аицлабра ажиури иалахәхоит ашьапылампыласыҩ Ахрик Цәеиба, акультура аминистр Гудиса Агрба.

© Sputnik / Томас ТхайцукАхрик Цәеибеи аицлабра алахәцәа руаӡәки
Ахрик Цәеиба MRS & MS RUSSIA EARTH 2021 алахәылацәа рзы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥигеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.06.2021
Ахрик Цәеибеи аицлабра алахәцәа руаӡәки

"Иахьа ахысырҭатә клуб аҿы ахысрақәа мҩаԥаагоит. Аҭыԥҳацәа иԥсыҽуп ари аус азы ҳәа изшьо шыҟоугьы, иҳалшо дҳарбоит", - ҳәа лҳәоит Надежда Лысенко.

Аԥсны ахьӡала аицлабра иалахәхоит ҩыџьа аҭыԥҳацәа.

Урҭ руаӡәк, Каролина Кәыҵниаԥҳа илҳәоит:

"Зегь даара ибзиоуп. Зегь ҳаиҩызцәоуп. Сара ари аус салахәра ахықәкы амоуп. Агәаҳәара ду сымоуп Аԥсны ахәыҷтәи гәмырҿыӷьратә центр аргылараз. Аинвестор иԥшаара сашьҭоуп. Ахәыҷқәа рзы ара иҟоу акыр имаҷуп", - ҳәа лҳәоит лара.

Ахрик Цәеиба иҳәеит аҭыԥҳацәа аҽазыҟаҵарақәа лҵшәала ишымҩаԥыргаз.

"Ихазынароуп ҳәа исшьоит Урыстәыла арегионқәа 30 рҟынтәи еиҳа иԥшӡоу аҭыԥҳацәа Аԥсныҟа ианаауа. Аҩныҟа ианыхынҳәлак Аԥсны шыԥшӡоу, ишыԥхарроу, амшын шҟәандоу ҳәа еиҭарҳәалап. Сҩыза Руслан Кудриавцев илшоз ҟаиҵеит аконкурс афинал Аԥсны имҩаԥысырц. Уи Аԥсны ӡырнагоит", - ҳәа иҳәеит иара.

"Аԥснытәи ахәаахәҭра-ааглыхратә еилахәыра" анагӡаратә директор Руслан Кудриавцев еиҭеиҳәеит аиҿкаара аилабра "Мисс и Миссис Россия Земля 2021" иапартниор хаданы ишыҟоу.

Иара иҳәеит аиҿкааҩцәа ихықәкы хаданы ирымаз Аԥсны атуризм ахьӡ-аԥша ашьҭыхра шакәыз.

"Аицлабра аԥарахшәаара зегьы хатә харџьын. Афинал абилеҭқәа рҟынтәи аԥарақәа зегьы агәыҳалалрахь инаҳашьҭуеит" ҳәа азгәеиҭеит иара.

Алахәылацәа рықәра 18 шықәса еиҵамзароуп, 48 шықәса еиҳамзароуп, роура – 165 сантиметра иҟазароуп, рцәамаҭәа аразмер 44 (М - азгә.).

Ажәабжьқәа зегьы
0