Аҟәа иҟалаз абылра ахәҭак ырцәоуп

© Sputnik / Леон Адлейба В Сухуме загорелось здание бывшей кондитерской фабрики
В Сухуме загорелось здание бывшей кондитерской фабрики - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь Ешба имҩаҿы игылоу уаанӡатәи акондитертә фабрика ахыбраҿы абылра ҟалеит амҽыша рашәара 13 рзы аҽнышьыбжьон.

АҞӘА, рашәара 13 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа ақалақь Ешба имҩаҿы игылоу амца зкыз уаанӡатәи акондитертә фабрика ахыбра ахәҭак ырцәоуп ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа иажәақәа ааго.

Аусбарҭа аиҳабы иажәақәа рыла, ахыбра еилаҳауеит ҳәа ашәарҭара ыҟам.

Амцарцәара иаҿын Аҟәеи, Аҟәа араиони, Гәылрыԥшь араиони рымцарцәаратә гәыԥқәа, иара убас аруаа.

Амца дырцәоит ахыбра мрагыларатәи мраҭашәаратәи аганқәа рыла еицҿакны. Амцарцәаҩцәа амардуанқәа рыла ахыб ахьгьы ихалеит.

Кәыҵниа ишиҳәаз ала, амца акит зықь ԥшьыркца метра инареиҳаны аҵакыра. Абылра акатегориақәа быжьба рҟынтәи ахәбатәи акатегориа иаҵадыркит.

Аҟәатәи акондитертә фабрика ргылан 1978 шықәса рзы. Шықәсык ала 10 нызқь тонна аалыҵ аанашьҭуан. Афабрикаҿы иҭрыжьуан ашоколадтә конфеҭқәа аҭра иҭаҵани икапанни, ачарӡқәа, мрагыларатәи ахаамыхаақәа, аирисқәа, акарамельқәа.

Афабрика аусура аанкылан Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз. 2017 шықәса ҭагалан Аԥсны Аҳәынҭмазаразы аилак аҿы иҟоу ареспубликатә мазара иатәу обиектқәа рыприватицазиазы Акомиссиа ирыланаҳәеит амазаратә комплекс "Аҟәатәи акондитертә фабрика" ахәҭак ахатәтәрахьы аиагаразы аҭира иазырхоу аконкурс. Аобиект аҵакыра – 1795,0 ԥшьыркца метра. Афабрика иатәу адгьылҵакыра – 0,56 гектар. Алагаратә хәыԥса – 1 600 000 мааҭ.

2020 шықәса лаҵарамзазы Аԥсны Аминистрцәа реилазаара Аԥсны Аҳәынҭқарра "Аиуристтә хаҿқәеи хазхаҭалатәи анаплакыҩцәеи рҳәынҭқарратә шәҟәҭаҩразы" Азакәан инақәыршәаны ари анаплакы иуристтә обиектк аҳасабала иаԥнахит.

Ажәабжьқәа зегьы
0