Аԥснытәи ақәԥаҩцәа Ставрополь аицлабраҿы "ахьи" "араӡни" иаиааит

© Foto / Айнар МархолияМежрегиональный турнир по вольной борьбе среди юниоров в возрасте от 14 до 20 лет
Межрегиональный турнир по вольной борьбе среди юниоров в возрасте от 14 до 20 лет  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2021
Анапаҵаҩра
14-20 шықәса зхыҵуа рыбжьара зых иақәиҭу ақәԥаразы арегионалбжьаратә турнир мҩаԥысит Ставрополь рашәара 11 - 13 рзы.

АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Ақәԥаҩца қәыԥшцәа Омар Ҳашыги Леон Малиеи актәии аҩбатәии аҭыԥқәа ныркылеит 14-20 шықәса зхыҵуа рыбжьара зых иақәиҭу ақәԥаразы арегионалбжьаратә турнираҿы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аспортсменцәа разыҟаҵаҩ Аинар Мархолиа.

"Атурнир иалахәын 600-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа. 15 шықәса зхыҵуа Омар ф-қәгыларак мҩаԥигеит 54 кьыла зкапануаз рыбжьара, аиааирагьы игеит. Леон – ԥшьы-қәгыларак мҩаԥигеит 50 кьыла зкапануаз рыбжьара, аҩбатәи аҭыԥгьы ааникылеит", - иҳәеит иара.

Мархолиа иазгәеиҭеит асеиԥш алҵшәақәа дшырзыԥшымыз, избанзар атурнир аҿы иқәгылоз аԥышәа змаз спортсмен ӷәӷәақәан.

"Уахь амҩа ҳанықәлоз Анцәа сиҳәон ахԥатәи аҭыԥ ма руаӡәк игарц. Арахь дара "ахьи аразни" ранашьахеит. Ари аиааира еиҳау ақәгыларақәа рахь анаԥхьара алнаршоит. Хымԥада еицгәарҭеит. Сгәыӷуеит Урыстәыла ачемпионат ахь инаԥхьахап ҳәа", - иҳәоит азыҟаҵаҩ.

Мархолиа иара убасгьы иҳәеит 2021 шықәса лаҵарамзазы Омар Ҳашыг, Леон Малиа, Леон Агрба Урыстәыла Амш иазкыз аиндаҭларақәа рҿы актәи аҭыԥқәа шныркылаз.

Хара имгакәа аспортсменцәа Даӷьесҭанҟа ицоит аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0