00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Николаи Басков Аҟәа дықәгылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукНиколай Басков
Николай Басков  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа урыстәылатәи аестрадатә шәаҳәаҩы Николаи Басков аҳҭнықалақь аҟны дықәгылеит. Аконцерт еиҿыркааит асоциалтә платформа "Аԥсны аԥеиԥш" алахәылацәа реизара аҳәаақәа ирҭагӡаны.

АҞӘА, рашәара 15– Sputnik. Урыстәыла Жәлар рартист, аиҿкаара "Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" ахаҭарнак Николаи Басков асоциалтә платформа "Аԥсны аԥеиԥш" алахәылацәа реизараҟны дықәгылеит, рашәара 15 рзы, Аҟәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукНиколай Басков
Николаи Басков Аҟәа дықәгылеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Николай Басков

"Иҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп Атәыла ахада исиҭаз ааԥхьаразы. Раԥхьаӡа акәны саҭааит ас еиԥш иԥшӡоу, иԥхоу, абзиабареи, асасдкылареи, атрадициақәеи заԥхьа изыргыло ауаа ахьынхо атәыла", - иҳәеит Николаи Басков.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи урыстәылатәи ашәаҳәаҩ Николаи Баскови
Николаи Басков Аҟәа дықәгылеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи урыстәылатәи ашәаҳәаҩ Николаи Баскови

Ашәаҳәаҩ атәыла ауааԥсыра ирзеиӷьеишьеит анасыԥи ашәҭыкакаҷреи.

"Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩ иҳасабала исылшо зегьы ҟасҵоит ателеканал "Россия 1" аҟны имҩаԥызго сдырраҭара "Ну-ка все вместе" аҟны Аԥснытәи ахаҭарнак далахәызарц", - иҳәеит Басков.

Анаҩсан, урыстәылатәи ашәаҳәаҩ инаигӡеит еицырдыруа иашәақәа.

Ареформақәа рпрограмма "Аԥсны аԥеиԥш" аус адырулеит аицлабра "Аԥсны агәадура" афиналистцәа Урыстәыла афинансқәа рминистрра аҭҵаарадырратә финанстә институт адгыларала.

Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аус рыдулоуп Аԥсны асоциал-економикатәи ауаажәларратәи ҿиара алзыршо, атәылаҿ асоциал-политикатә ҭагылазаашьа ҭышәынзыртәало ауснагӡатәқәа ркомплекс Апрограмма азырхоуп адунеи азы Аԥсны аартра, уи азы аҳәынҭқарра аҩнуҵҟа атехнологиақәа раԥҵара ацхыраара.

Апрограмма ахырхарҭақәа ируакуп анагӡаратә мчра рнапхгаҩцәа, араионқәа рхадацәа иаартны аҳасабырбақәа рырҟаҵара. Ареформақәа рыпрограмма иазԥхьагәанаҭоит аҳәынҭмаҵзурақәа рыҭаразы иаку ахырхарҭарацәатә центр аԥҵара.

Уи адагьы ареформа апрограмма иаднагалоит "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿар рполитиказы" азакәан иалагалазарц есышықәса аԥхьагылацәа ҿарацәа реиндаҭлара "Аԥсны агәадура" амҩаԥгара, уи аҿы аиааира згаз аҳәынҭқарратә маҵзурахьы радԥхьалара.

Ареформақәа рыпрограмма иалагалоуп ареспубликаҿы IT-парк аԥҵаразы апункт. Апарк иаусдҵақәоу иреиуоуп иҷыдоу арҵаратә программақәа рымҩаԥгара, анапхгараҭаратә школ апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны анаплакыҩцәа, анапхгаҩцәа разыҟаҵаразы акурсқәа раԥҵара, жәлар рынхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи Ракадемиеи Сколково абизнес-школ апрофессорцәеи рлекциақәа рымҩаԥгара. Иара убасгьы иазԥхьагәаҭоуп аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа рзы аҵаратә программақәа раԥҵара.

Ажәабжьқәа зегьы
0