Афон ҿыц ԥхынгәымзазы хәмариала аԥсшьара ахьалшо ақалақьқәа ирыҵанакит

© Sputnik / Томас ТхайцукОтдых в Абхазии
Отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.06.2021
Анапаҵаҩра
Атуристтә маҵзура TVIL.RU ишьақәнаргылеит Шәачеи Иалтеи раасҭа хәмариала аԥсшьара ахьалшо ақалақьқәеи акурортқәеи.

АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Афон ҿыц 2021 шықәса ԥхынгәымзазы хәмариала аԥсшьара ахьалшо ақалақьқәа ирыҵаркуп ҳәа аанацҳауеит атуристтә маҵзура TVIL.RU.

Ари ақалақь аҿы аотель аномер бжьаратәла зықьмааҭи бжаки рыла иҿоуҵар ҟалоит уахык азы.

Атурмаҵзура астатистикала ԥхынгәымзазы атуристцәа реиҳараҩык 2 - 14 уахи-ҽни иааныркылоит, иазыхиоуп 550 - 2,800 мааҭ аныхра. Зегь раасҭа ахәԥсақәа лаҟәуп ареспублика Ҭаҭарсҭан.

Реиҳа ахәԥсақәа ахьылаҟәу ахырхарҭақәа жәаба рсиа:

  • Москва – 1625 м / хаха-хымш *
  • Соль-Илецк – 1758 м / ааха-аамш
  • Афон ҿыц – 1579 м / жәаха-жәамш
  • Еиск – 1986 м / жәаха-жәамш
  • Ростов-на-Дону - 2685 м / уахыки-ҽнаки
  • Морское – 2211 м / жәеиза мши ҵхи
  • Санкт-Петербург – 2806 м / хәаха-хәымш
  • Нижни Новгород – 2825 м / ҩаха-ҩымш
  • Казань - 550 м / ԥшьаха-ԥшьымш
  • Владивосток – 1043 м / 14 ҵхи мши

*2021 шықәса ԥхынгәымзазтәи абжьаратә хәыԥсақәа

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0