Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿ ахәра зауз атуристцәа рҭагылазаашьа атәы рҳәеит

© SputnikПосольство РФ в Абхазии
Посольство РФ в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.06.2021
Анапаҵаҩра
Рашәара 14-15 руха апансионат "Самшитовая роща" аҵакыраҿ иҟоу ақьафурҭа "Аԥсны" аҿы Урыстәыла атәылауаа Филоиан А. А., Салимгариев Т. Н., Ԥлиа Д. В. дареи ажәақәа анеимарк ашьҭахь Ԥлиа арҭ ауаа дреихсит.

АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Рашәара 14-15 руха апансионат "Самшитовая роща" аҵакыраҿ иҟоу ақьафурҭа "Аԥсны" аҿы ахәрақәа зауз Урыстәыла атәылауаа Филоиан А. А., Салимгариев аԥхьанатә Гагратәи ахәышәтәырҭахь инаргеит, анаҩс Урыстәылаҟа ииаргеит. Дара рыԥсҭазаара уацәшәартә иҟам ҳәа рҳәеит адипломатиатә усбарҭаҿы, иагьазгәарҭеит ахҭыс азхьаԥшра ҷыда шаҭоу.

"Уажәазы ааха зауз Урыстәыла атәылауаа Шәача ахәышәтәырҭа иҭоуп. Рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылам. Аԥснытәи амчрақәеи ҳареи аимадара ҳамоуп", - ҳәа рҳәеит Ацҳаражәҳәарҭаҟны.

Апресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит ари ахҭыс ада ареспубликаҿы иҵегьы урыстәылатәи атуристцәа рганахьала ақәыларақәа шыҟалало. 

"Аԥснытәи амчрақәа ааԥхьара раҳҭоит ирццакны аусҭҵаара мҩаԥганы ацәгьоуҩы иқәнага дақәдыршәарци акриминал аҿагылараз апрофилактикатә уснагӡатәқәа дырӷәӷәарци, атуристтә сезон алагамҭаз Урыстәыла атәылауаа ршәарҭадара еиҿыркаарци", - ҳәа рҳәеит Ацҳаражәҳәарҭаҿы.

Ацәгьоура ҟалеит апансионат "Самшитовая роща" аҵакыраҿы ақьафурҭа "Аԥсны" аҟны рашәара 15, асааҭ 00:20 рзы.

Работа скорой помощи в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.06.2021
Пицунда ахысраан ахы зықәшәаз атурист иҟалаз шыҟалаз еиҭеиҳәеит

Урыстәыла атәылауаа Филоиан А. А., Салимгариев Т. Н., Ԥлиа Д. В. иареи ажәақәа анеимарк ашьҭахь, иара аԥсшьаҩцәа жәынтә дреихсит. Ахәрақәа зауыз аԥхьанатә Гагратәи ахәышәтәырҭахь инаргеит, анаҩс Урыстәылаҟа ииаргеит.
Ахысра ҟазҵаз ихаҭа ибрыз ахы иаахеит. Ԥлиа изныкымкәа еиуеиԥшым азинеилагарақәа рзы аҭакԥхықәрақәа идырҵахьан. Уажәы иара Ареспубликатә хәышәтәырҭа дҭоуп.
Ахҭыс азы аматериал еизыргоит. Ԥлиа иганахь ала ашьауыс хацыркуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0