"Аԥсны агәашәқәа": Аслан Бжьаниа Гагра араион даҭааны аҭагылазаашьа гәеиҭеит

© Foto / пресс-служба Президента РАСегодня президент Абхазии Аслан Бжания отправился с рабочей поездкой в Цандрипш.
Сегодня президент Абхазии Аслан Бжания отправился с рабочей поездкой в Цандрипш.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2021
Анапаҵаҩра
Гагра араион ахь иныҟәараан атәыла ахада даҭаан ибеит ишәарҭоу Ԥсоу аӡиас ахәҭа, Урыстәыла иаԥну аҭыԥқәа, иара убас аусуратә еилацәажәарагьы мҩаԥигеит.

АҞӘА, рашәара 21 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Гагра араион даҭааит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Аҳәаа иаԥну аҵакырақәа рыпроблемақәа

Бжьаниа дырҭааит Ԥсоу аӡиас инаваршәны аҳәаа иаԥну ақыҭақәа. Х-ҭыԥк рҿы аӡы аҟәара ҵыӡәӡәааны автомашьынатә мҩахәҭақәа ашәарҭара иҭанаргылоит. Уи адагьы аӡхыҵрақәа аԥырхага рырҭоит ақыҭанхамҩатә дгьылқәа, ауааԥсыра рынхарҭақәа. Ахада араион ахадара ирыдиҵеит апроблема ҭырҵаарц, ашәарҭара аԥыхразы аплан аздырхиарц.

КПП Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2021
Аурыс-аԥсуа ҳәаа уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа 30 нызқьҩык рҟынӡа ахысуеит

Бжьаниа игәҭакуп хышықәса раԥхьа аҟәара арӷәӷәара мҩаԥызгоз аргыларатә еилахәырақәа рнапхгаҩцәа дырԥыларц. Ахада иҳәеит аус ҭакԥхықәрада азнеираз арҭ аилахәырақәа аамҭа мгакәа рхатә харџь ала аҭагылазаашьа еиҭаркырц шрыхәҭоу.

Анаҩс ахада днеины ибеит Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҟны ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ, ахәаахәҭратә обиектқәеи егьырҭ аргыларақәеи. Арҭ аобиектқәа рыкәша-мыкәша иҟоу асанитартә ҭагылазаашьа даара игәамԥхеит. Иҳәеит аобиектқәа рнапхгаҩцәа аҭакԥхықәра шрыду ирыҵаркуа адгьылқәа рсанитартә ҭагылазаашьазы.

"Ари Аԥсны уахьҭало агәашә ауп. Аҳәаа иахысыз асасцәа раԥхьа ирбоу ауп атәыла зегьы азы иргәаанагарахо. Аҳәааҿ иарбанзаалак изакәаным ашәахтәшәара ҟамлароуп. Аҳәаахьчаратә маҵзурақәеи Аԥсны ААР амаҵзурақәеи аконтрабанда аарԥшра, анаркотикатә маҭәашьарқәа аҳәаа рахыгара аҽазышәара раԥырҟәҟәааразы рыжәҩа еибырҭароуп. Аусзуҩцәа рхаҭа ракәзар, руси азакәани еиқәшәо еибыҭазароуп", - ҳәа иҳәеит иара, аҳәааҿы аус зуа амаҵзурақәа рнапхгаҩцәа алархәны аилацәажәара анымҩаԥигоз.

Ашәарҭадареи азинеиҿкаареи

Аслан Бжьаниа иусутә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Гагра амилициа араионтә ҟәшаҿы аусбарҭа аматериал-техникатә еиҿкаара азҵаарақәеи атуробиектқәа рҿы азинеиҿкаара азҵаарақәеи дрылацәажәеит. Азинхьчаҩцәа изеиҭарҳәеит автомашьына ҿыцқәеи егьырҭ ахархәагақәеи рматериал-техникатә еиқәыршәара аҩаӡара шышьҭырхыз.

МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Аԥсны ААР Пицунда иҟалаз ахҭыс ашьҭахь ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа арӷәӷәоит

Иара убасгьы иазгәарҭеит аԥсыҭбарақәа зцу амҩатә машәырқәа шеиҵахаз, иааидкыланы акриминогентә ҭагылазаашьа шеиӷьхаз. Аилацәажәараҿы ахада иазгәеиҭеит азинхьчаҩцәа шракәу амчраҿ иҟазааша, "смотрящие" ҳәа изышьҭоу раамҭа ииасыр шакәу.

Ҷыдала дазааҭгылан иҳәеит атуристтә обиектқәа рҿы азинеиҿкаара шхымԥадатәиу. Иҳәеит аԥсшьаҩцәа здызкыло апансионатқәа, асасааирҭақәа ашәарҭадаразы апрофессионалтә маҵзурақәа аԥырҵар шакәу. Бжьаниа ажәадгала ҟаиҵеит абри аус аҿы аԥышәа змоу, тәанчара ицаз уаанӡатәи азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа шадԥхьалатәу.

Ажәабжьқәа зегьы
0