Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит COVID-19 аҽарцәгьеит ҳәа

© Sputnik / Марианна КубраваМинздрав Абхазии
Минздрав Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 16480-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15294-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 244-ҩык.

АҞӘА, рашәара 22– Sputnik. Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҽарцәгьеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

Агәабзиарахьчара аминистри, Ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорики,  Аҟәа ақалақь асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаеви ауаажәларра рахь иҟарҵаз аҳәара акьыԥхьит аусбарҭа апресс-маҵзура.

"Даҽазныкгьы ҳауаажәлар рахь схы нарханы исҳәар сҭахуп Аԥсны аҿкычымазара змоу рхыԥхьаӡара иацлеит. Аԥсны аиҳабыреи агәабзиарахьчара аминистрреи ирымчу зегьы ҟарҵоит, аха ари азҵаара аицхыраара зҭаху усуп", - иҳәеит Быҭәба.

Асабрадақәа ныҟәыргаларц, иарку ахыбрақәа рҟны имеизаларц, адистанциеи асанитартә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц, аҳақьымцәа рабжьгарақәа иацәхьамҵырц азы аҳәара ҟаиҵеит аминистр.

Ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик иазгәалҭеит Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҽарцәгьара зыхҟьо абжьгарақәа уаҩ дахьрықәымныҟәо ауп ҳәа.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 16480-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15294-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 244-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0