"Шәачантәи ҳахҵәеит": аубых хылҵшьҭра Неџьмеҭҭин Цәлохә атәым дгьыл ахь ишагаз

© Foto / Саида Жиба Неџьмеҭҭин Цәлохә
Неџьмеҭҭин Цәлохә - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.07.2021
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла Бычкыдере ақыҭаҟны инхо, 90 шықәса зхыҵуа аубых хылҵшьҭра Неџьмеҭҭин Цәлохә иабдуцәа рҭоурых дазааҭгыло еиҭеиҳәеит урҭ амҳаџьырра ҟалаанӡа Шәача ишынхоз. Дара атәым дгьыл ахь ианықәнагала, исаӡ қыҭаны ишьақәгылаз аҭыԥ нхарҭас ирзыҟалеит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Хҩеишьцәа Қәасеи, Ҳабыџьи, Қьаламаҭи Цәлохәаа аамҭала Шәача инхон, хылҵшьҭрала иубыхын. Амҳаџьарра аамҭа хьанҭақәа раан, излыҵыз рыуаажәлар реиҳараҩык реиԥш агәаҟра иақәшәеит. Амшын Еиқәа еихҵәаны Ҭырқәтәылаҟа ицеит.

"Қәаса сабду иаб иоуп. Аишьцәа Ҭырқәтәылаҟа ишықәнагалаз атәы инарҵауланы иҳаздыруам, аха иахьа ҳахьынхо ақыҭа Бычкыдере дара аанӡа Шәача иргәылацәаз, Адлер инхоз Арыдаа ишьақәдыргылахьан. Сара сихаануп урҭ ирхылҵшьҭраз Шьрынбеи Арыд. Ари ақыҭа ацуҭақәа ԥшьба рыла ишоит: Каҳабер, Лбаац, Аџьра, Бжьаҟә. Раԥхьа иара исаӡ қыҭаны иргылан, анаҩс нхарҭас ирзыҟалеит аубыхцәагьы", - ажәабжь еиҭеиҳәоит Неџьмеҭҭин Цәлохә.

Џьамалеҭҭин Кьылба - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2021
Еиҵагылеит афбатәи абиԥара: Џьамалеҭҭин Кьылба иабдуцәа Ҭырқәтәылаҟа ишықәнагалаз иазкны

Атәым дгьыл ахь иқәнагалаз ҳауаажәлар рыԥсҭазаара акырӡа иуадаҩын. Абзазара ус баша аиҿкаара мариамызт, амамзаара рыман. Есыҽны амлеи, ахьҭеи, ачымазареи, аԥсреи рлакҭа иҭаԥшуан. Уи анаҩсгьы Османтәи аимпериа имҩаԥнагоз аибашьрақәа рахь иршьҭуан згәашьамх ӷәӷәаны ирбоз Кавказ ахаҭарнакцәа.

"Сабду Ҭемшьыгәи иаб иашьа иԥа Изеҭи Чанаккале ҳәа иахьашьҭоу ицоз аибашьраҿы иҭахоит. Мчыбжьык ашьҭахь лыԥсҭазаара ҿахҵәоит Ҭемшьыгә иԥшәмаԥҳәысгьы. Ииаҭымны иаанхаз хҩык асабицәа ранду илааӡон, анаҩс лымч кәадахо ианалага, Изеҭ иан илыдылкылоит. Абас гәаҟрала адунеи иқәын", - иҳәоит абырг.

Цәлохәаа Бычкыдере ршьапы анадыркы, арыцҳарақәа шьҭахьҟа ианынха, раԥхьатәи ргәырӷьара акәхеит ачара ус, дрымаҳәхеит Ажьиба ҷкәын, хара имгакәа дырҭацахоит Ҷанаа рыԥҳәызба.

Неџьмеҭҭин иажәақәа рыла, аамҭала Бычкыдере 80 ҭӡы нхон, 44 жәла ыҟан. Иахьа 60 нхамҩа ыҟоуп, уааԥсырала хәыҷи дуи 300-ҩык инаӡоит. Ақыҭаҟны иуԥыло ажәлақәа иреиуоуп Арыдба, Мқьалба, Аигба, Аиныҟәба, Андба, Аҽбыхәа, Ашәеиба, Гәымба, Лазба, Агрба, Хораа, Ҷыҭанаа, Гәышьба, Ажьиба, Цәлохә, Қардиа, Аҭрышба, Зыхәба, Аилысырба, Кәынчаа, Аиламырхәа, Џьышәаа, Лакраа уҳәа. Араҟа имҿиаз ажәлақәа иреиуоуп Царгәышаа, Кәыџаа, Ашәымхәаа, Рыӡныуаа, Башныхәаа, Блабаа, Папаа, Ақырҭаа, Гьаргьаа, Кьылаа, Араԥаа, Базаа, Ахырхаа.

Неџьмеҭҭин Цәлохә иӡбахә ануҳәо, иумҳәарц залшом аҵара шимоу. Иара акыр шықәса инеиԥынкыланы ашкол аҿы аус иуан. Дҭаацәароуп хҩык аԥацәеи аԥҳаи драбуп.

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан Неџьмеҭҭин иԥеиҵбы Ерҳан иҭоурыхтә дгьыл ахьчаразы дцеит. Убри ашықәсан Лыхны имҩаԥысуаз адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар Рконресс ахь Неџьмеҭҭингьы аделегациа далахәны днеит.

"Ҳара Пицунда аԥсшьарҭа ҩны ҳаҩнан. Жәамш рыла сыҷкәын ҩынтә роуп дахьызбаз, иара уигьы сааҭк еиҳамкәа. Сџьаба мааҭк ҭыганы исҭаратәгьы изыҟамлеит. Ерҳан илахьынҵахоз сыздыруамызт, аха сгәы зласырҭынчуаз иԥсадгьыл аҿы дахьыҟаз акәын. Дҭахаргьы, иабдуцәа рыбаҩ ахьамадоу анышә даднакылон", - иажәа иациҵоит Неџьмеҭҭин.

Хаириттин Андарбуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.06.2021
"Андарбуааи Кәтыблааи ҳаишьцәоуп": ҳџьынџьуаҩ ижәла иазкны

Ҳџьынџьуаҩ Аԥсны дыҟанаҵы иразҟхеит ԥшьынтә Владислав Арӡынба аиацәажәара. Усҟан ажәлар рҿахәы зҳәоз ар рԥыза Неџьмеҭҭин агәра ииргеит Аиааира аԥсуа жәлар ишырго.

"Владислав Арӡынба идагьы, сзыҿцәажәоз хәыҷи-дуи "Аиааира ҳара иаҳгоит" ҳәа акәын ирҳәоз. Саргьы иџьасшьон ргәыӷра, ԥсыуак жәаҩык ақырҭцәа дырҿагылар акәын хыԥхьаӡарала иугозар. Аҵыхәтәаны агәра згеит, аԥсуаа егьа имаҷзаргьы, хаԥыцла, нацәхыԥла адгьыл рҽаларԥсны аӡәгьы иширымҭо", - инаҵишьит абырг.

Неџьмеҭҭин Цәлохә дыруаӡәкуп Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рахьтә раԥхьаӡакәны аԥсуа алфавит зҵаз, 1964 шықәсазы инапаҟны иааиз анбан абзоурала.

Неџьмеҭҭин Цәлохә гәыла-ԥсыла иҭоурыхтә дгьыл бзиа ибоит. Иара изныкымкәа исасхахьеит Аԥснытәи аҵарауааи ажурналистцәеи. Ибзоуралагьы еизгоуп имаҷымкәа хра злоу анҵамҭақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0