Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир "Аҟәа Опен -2021" аатит аҳҭнықалақь аҿы

CC0 / / Шахматы
Шахматы - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи 50-ҩык инареиҳаны ашахматасыҩцәа злахәу атурнир мҩаԥыслоит ԥхынгәы 10 рҟынӡа.

АҞӘА, ԥхынгәы 4 - Sputnik. Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир "Аҟәа Опен -2021" аатит аҳҭнықалақь аҿы, Анатоли Карпов ихьӡ зху ашахматтә школ аҿы ҳәа аанацҳауеит Аԥсныпресс.

Атурнир иалахәуп 17-ҩык ашахматасыҩцәа қәыԥшцәеи 40-ҩык аиҳабацәеи Аԥсны Урыстәылеи рҟынтәи.

Аԥсны Ашахмат азы афедерациа аиҳабы Константин Ҭыжәба иажәақәа рыла, сынтәа арзаҳалқәа алазҵаз рацәаҩын, аха апандемиа иахҟьаны аӡәырҩы мап рцәыркит. 

Асанитартә ԥҟарақәа рықәныҟәаразы атурнир аиҿкааҩцәа алахәцәа еихыршеит ҩ-гәыԥкны: ахәыҷқәа ашьыжь еиндаҭлоит, аиҳабацәа - ахәылбыҽха, асоциалтә дистанциа азгәаҭаны, иара убас асабрадақәа рҽаҵаны, арзҩыдагақәа рыла рнапқәа рыцқьо, ршоура гәаҭо.

Аицлабрақәа рыӡбаҩ хада - Альберт Карапетиан иоуп, иара дицхраауеит ашахматасыҩ қәыԥш Сарида Лакәатааԥҳа, лара аӡбаҩцәа разыҟаҵара акурсқәа дырхысны мшаԥымзазы Урыстәыла аԥхьахәгараҿы акатегориа "аӡбаҩ қәыԥш" аҟны аиааира лгеит.

Атурнир мҩаԥыслоит ԥхынгәы 10 рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0