Аԥсны акьыбачымазаратә центр аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо даҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукОнкоцентр в Сухуме
Онкоцентр в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр идҵаҟаҵарала акьыбачымазаратә центр аҳақьым хада Лев Аргәын инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәуп, иара иганахь ала ихацырку аусҭҵаара цонаҵы.

АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. Нарҭ Гамгиа Апсны акьыбачымазаратә центр аҳақьым хада инапынҵақәа рынагӡара идҵоуп. Уи азын адҵа ҟаиҵеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныпресс"

"Аусҭҵаара цонаҵы, Нарҭ Валери-иԥа акьыбачымазаратә центр напхгара аиҭалоит. Сшәыҳәоит иабжьгарақәеи иԥҟарақәеи шәрықәныҟәарц", - иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр, Гамгиа аколлектив дыдиардыруа.

Анапхгаҩ ҿыц иазгәеиҭеит, аколлектив рҿаԥхьа иқәдыргылаз ахыдҵақәа зегьы шынагӡахо.

Амилаҭтә онкологиатә центр аҳақьым хада Лев Аргәын, ҽынлатәи астационар аиҳабы Нелли Лагәлааԥҳа, ахимиотерапиа аҟәша амедиаҳәшьа хада Лариса Кәакәасқьырԥҳа рганахьала ашьаус хацыркуп.

Судебный молоток - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2021
Аԥсны аонкоцентр аусзуҩцәа аҩнытә баандаҩра рықәҵоуп

Заанаҵтәи аҭҵаарақәа инарықәыршәаны агәызҩара ззыҟоу ахаҿқәа акьыбачымазара зыхьуа хәшәыла реиқәыршәаразы Аҳәынҭқарратә программа инақәыршәаны ахимиа-гармонтә хәшәқәа роураан ачымазцәа рамбулатортә картақәеи амедицинатә маҵзура ахәԥсашәаратә реестри рҿы имцыз адыррақәа анырҵон апациентцәа ахимиатерапиа иахысуазшәа, иара убри алагьы аҳәынҭқарра абиуџьет аԥхасҭа ду аҭан.

Амилаҭтә онкологиатә центр аҳақьым хада Лев Аргәын ҩымз аҩнытә баандаҩра иқәҵазарц ҳәа азыӡба аднакылеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа. Аиԥш зеиԥшу азыӡба рыдыркылеит ахимиотерапиа аҟәша амедиаҳәшьа хада Лариса Кәакәасқьырԥҳа лганахьалагьы. Ҽынлатәи астационар аиҳабы Нелли Лагәлааԥҳа лҿахәы лҿыхразы ааԥхьара лыман, аха лгәамбзиара иахҟьаны аусԥшааратә усзуҩцәа рахь дымнеит. Ахҭыс азы аусҭҵаара мҩаԥыргоит.

Лев Аргәын, Нелли Лагәлааԥҳа, Лариса Кәакәасқьырԥҳа ахара рыдырҵоит Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 157 ахәҭа 4 (атәым мазара аӷьычра амаҵзуратә ҭагылазаашьа ахархәарала) инақәыршәаны.

Нарҭ Гамгиа 2013 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа напхгара аиҭон Аԥсны атәылахьчара аминистрра иатәу арратә госпиталь аԥҟаратә ҟәша.

Ажәабжьқәа зегьы
0