Гал араион аҿы иҟоу агәамсамкаԥсарҭа Аҟәантәи агәам заднакылаӡом

© Sputnik / Томас Тхайцук Мусорная свалка в городе Гал
 Мусорная свалка в городе Гал - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи агәам Гал араион Шьашьикәара ақыҭахь иргоит 2019 шықәса мшаԥымза аахижьҭеи, Алашарбага аҳабла анхаҩцәа аҳҭнықалақь агәамсамкаԥсарҭа арктәуп ҳәа аҿагыларатә акциа анымҩаԥырга ашьҭахь.

АҞӘА, ԥхынгәы 7 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Шьашьикәара ақыҭан иҟоу агәамсамкаԥсарҭа Аҟәантәи инарго агәам заднакылаӡом 2021 шықәса анҵәамҭа инаркны. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Нарсоу Џьопуа.

"Агәамсам азҵаара Гал араион азы мацара акәӡам иҵарны изықәгылоу, атәыла зегьы азынгьы иуадаҩуп. Уаанӡа изларԥхьаӡаз ала, Шьашьикәара ақыҭантәи агәамсамкаԥсарҭаҿы аҭыԥ 2020 шықәса анҵәамҭанӡа акәын иахьазхоз. Уажәазы аусзуҩцәа адгьыл иаҳа ирҵауланы аҭыжаара иаҿуп, уи ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа иазхароуп", - иҳәеит иара.

Гал араион ахада атәыла аиҳабыра драцәажәоит 2022 шықәса ишналагалак арахь агәамсам аагара иаҟәыҵырц. Аҟәантәи агәамсам ара ирыдыркылоит 2019 шықәса мшаԥымза инаркны. Гал араион агәамгьы иаргьы еицыланы амҽхак даара ирацәахоит, убри азы 2022 шықәса инаркны аҟәатәи агәам ааганы ара ажра залшом иҳәеит Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ.

"Уа ишьақәыргылоуп иҷыдоу аҭыӡқәа, 2022 шықәса рзы урҭ урхысны уцар акәхоит. Убасҟан агәамсам иалҵуа аӡы адгьыл аҟьашьуеит, аԥсабара иаԥырхагахоит. Убри азы, ҳара ҳгәаанагарала, Гәылрыԥшь араион аҿы иазгәаҭоу агәамсамкаԥсарҭахь игалатәхоит ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Џьопуа. 

Гәылрыԥшь агәамсамкаԥсарҭа аргылара иалагоит ҳәа иазԥхьагәаҭан ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы. Гәылрыԥшь араион ахадараҿы Sputnik изларҳәаз ала, аргылара ҳәа макьана акгьы мҩаԥысуам. 

2020 шықәса анҵәамҭазы Гал араион ахада Константин Ԥлиа акомиссиа ҷыда иманы асовет аамҭақәа раан ахархәара змаз ажәытә полигон даҭааны игәеиҭеит, уажәы уи агәамсамкажьразы иахьынӡахәарҭоу аилкааразы.

Агәамсамеизакырҭа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2019
Агәамсамеизакырҭа аполигон ахьыргылахо адгьыл акатегориа ԥсахуп

"Асовет аамҭақәа раан рхы иадырхәоз агәамсамкажьырҭа уажәы ҿыц аартра ҟалаӡом, избанзар уи иацәыхарамкәа ақыҭанхамҩатә дгьылқәа ыҟоуп", - ҳәа инаҵишьит Нарсоу Џьопуа.  

2019 шықәса, мшаԥымзазы Алашарбага араион ауааԥсыра ҿҳәарадатәи акциа хацдыркит рраион аҿы иҟоу агәамсамкаԥсарҭа аркразы. Еизаз аполигон ахь инеиуаз амҩа ркит. Уи иалҵшәаны мшаԥы 12, 2019 шықәса рзы Аҟәа ахада Адгәыр Ҳаразиеи Гал араион ахада Ҭемыр Надараиеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Уи инақәыршәаны, аҳҭнықалақь абзазаратә црыҵқәа Гәылрыԥшь араион аҿы аполигон дыргылаанӡа Гал араион ахь иргалоит.

Хәажәкырамзазы атәыла аиҳабыра аполигон аргыларазы Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ аҿы 36 гектар адгьыл алыркааит. Ара иазԥхьагәаҭоуп ацрыҵқәа ҽыҭҽыҭла реиҵакәаҳара, иара убас апластики ацеллофани Аԥснынтәи иалганы ргара, избанзар урҭ адгьыл аҟны рыжра ҳекологиа иаԥырхагоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0