Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Борис Ачба иус азы Ҳаџьымба ахьчара ашаҳаҭс иқәгылара мап ацәнакит

© Sputnik / Акоп Кущян Верховный суд
Верховный суд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны уаанӡатәи ахада Рауль Ҳаџьымба ахьчара аган аҟынтәи шаҳаҭс дықәгыларц даарыԥхьеит АУН "Аԥсныавтомҩа" уаанӡатәи адиректор хада Борис Ачба иус азы.

АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа адукат Инга Габилаиаԥҳа Рауль Ҳаџьымба ахьчара аганахьала шаҳаҭс дықәгыларазы иҟалҵаз азыҳәа мап ацәнакит.

Кассационная коллегия Верховного суда Абхазии рассматривает жалобу на решение Сухумского городского суда  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2021
Борис Ачба иус азы аӡбараан Аԥсны уаанӡатәи ахада ахьчара ашаҳаҭс дықәгылоит

Рауль Ҳаџьымба иҿахәҿыхразы азыҳәа даԥхьеит Борис Ачба идукат Инга Габилаиаԥҳа, лара иазгәалҭеит уаанӡатәи ахада ари аус ала ихадоу шаҳаҭс дшыҟоуп. Лара лажәақәа рыла, ахарадҵара аган агәаанагарала, Ачба Ҳаџьымба дижьеит уи ашьаусԥшаараан иҿахәы иҿырхаанӡа. Уи адагьы, Аҟәатәи аӡбарҭаҟны Ҳаџьымба иҿахәҿыхраан ииҳәаз иагьамыхәаԥшит ҳәа азгәалҭеит адукат.

Апрокуратура хада ахаҭарнак Ельвира Хазириши инаҵшьны иазгәалҭеит актәи аинстанциа аӡбарҭа изныкымкәа Ҳаџьымба иахь ашәҟәқәа шынанашьҭхьаз аӡбарҭахь днеирц азы. Иара зныкгьы дымнеит, убри аан ашәҟәқәа ааишьҭуан заанаҵтәи ашьаусԥшаараан ииҳәаз зегьы дшақәшаҳаҭу, урҭ ирыԥхьар азы мап шиимкуа.

"Ҳара Рауль Ҳаџьымба иҿахәҿыхра аматериалқәа аӡбарҭаҿы ҳрыԥхьахьеит, иара имҳәаӡеит Ачба Филимонов зыжәлаз аӡәи иареи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩырц шидимгалаз, аусурақәа шымҩаԥгаз, аусурақәа мҩаԥызгоз дышрыҿцәажәоз, хаҭалагьы ишибаз урҭ аусурақәа шымҩаԥыргоз. Уаҳа ҿыцс ҳәа акгьы ҳаиҳәаӡом", - лҳәеит лара.

Хазириши иара убас иазгәалҭеит ашаҳаҭ Ҳаџьымба аусӡбара ахьынӡацо азал аҿы дыштәаз, уигьы зинеилагароуп ҳәа.

Аӡбарҭа аҭыԥ аҟны иааилацәажәан, адукат Габилаиаԥҳа иҟалҵаз азыҳәа мап ацәнакит, избанзар "ахьчара уи азы иаанагаз аршаҳаҭгақәа ари аус аҟны ҿыцра ҳәа акгьы рыҵаӡам".

Сухумский Городской суд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2021
Аҟәатәи аӡбарҭаҿ Борис Ачба быжьшықәса ҭакрала ихыгара иқәырҵеит

Абри азы Габилаиаԥҳа Ахашшааратә коллегиа зегьы аус иалхзарц азы азыҳәа ҟалҵеит.

"Абри аҩыза аӡбамҭа рыдрымкылар акәын, избанзар ашаҳаҭ аҭыԥ аҟны дааины дыҟан, сара исыхьчо ахаҿы иусқәа зегьы уаанӡатәи ахада идҳәалоуп. Сара сгәаанагарала уаанӡатәи ахада аӡбарҭахь дааганы дахьдмырцәажәаз азы Ахашшааратә коллегиа агәра ҳазгом. Аӡбарҭа обиективла иахәаԥшуам ари аус. Уи сара ибзианы избарҭоуп", - лҳәеит адукат.

Аҳәынҭқарратә харадҵаҩ ари азыҳәа ҵаҵӷәыдоуп ҳәа ахнаҳәааит, иагьазгәанаҭеит аконкреттә фактқәа шыҟам аколлегиа агәрамгаразы.

Ахашшааратә коллегиа аилазаара аус алгаразы азыҳәазы аӡбамҭа адикылоит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы. Абри ала иахьатәи аилатәара хыркәшан.

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Ачба мцҳәарыла 19 471 162 мааҭ абиуџьеттә ԥарақәа еимиҵәеит, адокумент ԥаршеиқәа ихы иархәаны. Лаҵара 5 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Борис Ачба абиуџьет ԥара хыԥхьаӡара рацәала еимиҵәеит ҳәа ахарадҵа ҟаҵаны азеиԥш режим иаҵанакуа ариашаратә колониаҿ быжьшықәса ҭакрыла ихигарци имазара имхзарци аӡбамҭа аднакылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0