Ашәа ҳәо аԥсҭазаара иану: "Ашана" Николь Аргәын лзы аԥареизгара иалагеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Подопечная фонда "Ашана" Николь Аргун с мамой
Подопечная фонда Ашана Николь Аргун с мамой  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2021
Анапаҵаҩра
Жәашықәса зхыҵуа Николь Аргәынԥҳа москватәи аклиникаҿы ахәшәтәра акурс дахысразы илҭахуп 345 нызқь мааҭ.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik, Бадри Есиава. Агәыҳалалратә фонда "Ашана" жәашықәса зхыҵуа Николь Аргәынԥҳа лзы аԥареизгара хацнаркит. Лара асимптоматикатә фокалтә епилепсиа, ахәыҷтәы хшыҩтә дабла, арӷьарахьтә агемипарез захьӡу ачымазарақәа лымоуп.

Москватәи аҭҵаарадырра-практикатә центр аҳақьымцәа азхиоуп лара ахәшәтәырҭаҿы лышьҭаҵара, аха уи азы лҭаацәа иршәароуп 345 нызқь мааҭ, уахь иалоуп аҭҵаарақәеи наҟ-наҟтәи ахәшәтәреи рыхә. Ацхыраара рмоукәа дара рхала ари аҟара аԥара рзеизгом.

Ашәахьа ԥхынгәы 12 рзы Николи лан Едита Аргәыни Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника аневролог иҿы иҟан. 

"Сыԥҳа лзеиԥш ҭагылазаашьа цәгьам, аха Москваҟа аҽыхәшәтәрахь даҳгароуп. Хышықәса ирылагӡаны лҭагылазаашьа ҭышәынтәаланы дыҟоуп. Дангәарҭалак ашьҭахь еилкаахоит илзыҟаҳҵо ахәшәқәа лыҭара иацаҳҵоу ма ҳарҟәаҵуоу, даара ҳагәқәыӷуеит уаҳа акгьы аҭаххарым ҳәа", - лҳәеит Едита.

Николь асахьаҭыхреи ашәаҳәареи бзиа илбоит. Лара ианлызҳалак дшәаҳәаҩхарц лҭахуп, лангьы мап лкуам. 

"Агәабзиара лымазааит, уи ауп зегь реиҳа ихадоу", - лҳәеит Едита.

Николь ахәбатәи акласс аҿы дтәоуп. Зегь реиҳа бзиа илбоит абаҩрҵәыреи аматематикеи. Лара аҩызцәа рацәаҩны илымоуп, аурокқәа рышьҭахь еицыхәмаруеит. 

© Sputnik / Марианна Кубрава "Ашана" Николь Аргәын лзы аԥареизгара иалагеит
Ашәа ҳәо аԥсҭазаара иану: Ашана Николь Аргәын лзы аԥареизгара иалагеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2021
"Ашана" Николь Аргәын лзы аԥареизгара иалагеит

Едита Аргәын лылахь еиқәны иазгәалҭеит лыԥҳа аҩреи лҩызцәа реицгәырӷьареи шылцәыцәгьоу. Лара амаланыҟәа ақәтәашьа лҵар лҭахуп, аха лгәабзиара макьана уи лылнаршом.

Афонд "Ашана" аҿы иазгәарҭеит Николь 2018 шықәсазы москватәи аклиникаҿы аҽыхәшәтәра дшахысхьоу. Уи иабзоураны лҭагылазаашьа ҭышәынтәалеит. Уажәы аепилептикатә заарақәа рыдагьы, илыдырбалоит лныҟәашәа аилагареи ларӷьа напы аусура аԥкреи.

Ахәыҷы лыцхраашьақәа ртәы еилышәкаар ҟалоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0