Адонорразы азакәан рыдыркылеит Аԥсны Апарламент аҿы аҩбатәи аԥхьарала

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСдача донорской крови в Москве
Сдача донорской крови в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент жәабран 6 рзы имҩаԥысыз аилатәараан актәи аԥхьарала "Адонорреи уи акомпонентқәеи" рзы азакәан апроект рыдкылан.

АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik, Асмаҭ Ҵыәџьԥҳа. Аԥсны Апарламент аҩбатәи аԥхьарала иаднакылеит "Адонорреи уи акомпонентқәеи" рзы азакәан апроект ԥхынгәы 12 рзы имҩаԥысыз аилатәараҟны.

День донора - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2020
Ашьа ыҟоуп, аха аамҭа-аамҭала ихарҭәаалатәуп: акарантин ашьаҭара ишанырыз

Азакәан инақәыршәаны, адонорра аԥаразоужьра мҩаԥысуеит Аԥсны абиуџьеттә системаҟынтәи.

Донорс дҟалар илшоит Аԥсны атәылауаҩ, аҳәаанырцәтә тәылауаҩ, ма атәылауаҩра змам ахаҿы 18 шықәса инаркны 60 шықәсанӡа зықәра ыҟоу. Адонор иоур илшоит ашьа шриҭаз атәы зҳәо адокумент.

Ашьаҭаразы ауаҩԥсы итәылауаҩшәҟәы ма ихаҿра зыршаҳаҭуа даҽа документк риҭар ауп, иара убас Аԥсны закәанла дшынхо зыршаҳаҭуа адокумент, чымазараҿкыс ихигахьоу рзы адырра ҟаиҵароуп, анаркотикатә маҭәашьарқәа, апсихотроптә хәшәқәа идикыло идимкыло, иара убас ашьа анриҭо амш аԥхьа шықәсык иалагӡаны алаҵа ҳәа акыр ҟаиҵахьазар ма аԥҟарақәа ихигахьазар атәгьы реиҳәароуп.

Ашьа анриҭо амш азы адонор хәыда-ԥсада акриҿарҵоит ашьа ахьимырхуа аиҿкаара ахарџь ала. Уи аҽныҵәҟьа адонор аусураҟынтәи ихы дақәиҭыртәуеит иуалафахәы изныжьны. 

Ахә ақәҵаны ашьа рызҭаз адонор аԥара ирҭоит Аминистрцәа реилазаара ишьақәнаргылаз аԥҟарала. 40-нтә ма инареиҳаны ашьа рызҭахьоу адонор Аҳаҭыртә бӷьыц ирҭоит, зныкгьы аԥара изыршәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0