Афон ҿыц аҳәса аҭаара ахьыргәаԥхо акурортқәа жәаба ирылашәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукТуристы в Новом Афоне
Туристы в Новом Афоне  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аҳәса ҩыџьа-ҩыџьала ма гәыԥҩыла еицны ԥсшьара ицоит, Аԥсныҟа дара аауеит амшын иҭаларц, аԥсабара аԥшӡара рбарц, аҭоурых-культуратә ҭыԥқәа ирҭаарц, аҩи амандаринеи ргьама рбарц.

АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik. Афон ҿыц аҳәса гәыԥҩыла аԥсшьара ахьырҭаху акурортқәа жәаба рхыԥхьаӡара иалашәеит. Аԥхынра аҳәса рхацәеи рхәыҷқәеи рыда ԥхынгәымзазы рыԥсы ахьыршьо атәы еилыркааит аԥсшьаразы анхарҭақәа рҿаҵаразы амаҵзура TVIL.RU аҿы.

Новый Афон  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
Афон ҿыц ԥхынгәымзазы еиҳа хәмариала аԥсшьара ахьалшо ақалақьқәа ирылашәеит

Иҟоу астатистикала, аҳәса ԥхынгәымзазы анхарҭақәа ҿарҵоит уахык инаркны жәаха рҟынӡа, иагьнырхуеит уахыки-ҽнаки рыла 950 мааҭ инаркны 5,5 нызқь мааҭ рҟынӡа. Еиҳарак иахьаангыло аԥсшьарҭақәеи асасааирҭатә ҩнқәеи рҿоуп — 86%, еиҳа имаҷны — ауаҭахқәеи (9%) акоттеџьқәеи (3%).

Аԥсшьаразы анхарҭақәа рҿаҵаразы амаҵзура адыррақәа рыла, аҳәса ԥхынгәымзазы реиҳа аԥсшьара ахьеиӷьаршьо ақалақьқәа иреиуоуп: 

  • Иалта — 3171 ₽ / бжьаха-бжьымш *
  • Шәача — 2057 ₽ / жәаха-жәымш
  • Санкт-Петербург — 2522 ₽ / 4,5 уахи-ҽни
  • Кисловодск — 1456 ₽ / ааха-аамш
  • Москва — 1350 ₽ / ԥшьаха-ԥшьымш
  • Ростов-на-Дону — 2843 ₽ / уахыки-ҽнаки
  • Воронеж — 1591 ₽ / хаха-хымш
  • Соль-Илецк — 950 ₽ / фаха-фымш
  • Петрозаводск — 5460 ₽ / бжьаха-бжьымш
  • Афон ҿыц— 1497 ₽ / жәаха-жәамш

*Бжьаратәла асасааирҭақәа рҟны уахык ахә / бжьаратәла аԥсшьараамҭа

Иазгәаҭоуп зегь реиҳа аԥсшьара ахә шымариоу Соль-Илецк, иахьыцәгьоу - Петрозаводск. 

Уаанӡа Афон ҿыц зегь реиҳа зыхә мариоу аԥсшьара ахьалшо аҭыԥқәа ирхыԥхьаӡалан.

Астатистика ишаҳәо ала, аҳәса Аԥсны ргәаԥхоит. Убас аԥснытәи акурорт Гагра ашықәсҿыцазтәи аԥсшьараан зегь реиҳа азҿлымҳара аман аурыс ҳәсақәа рыбжьара. Уахь ицоит еиуеиԥшым амзызқәа рзы: рхы иацклаԥшларц, ргәабзиара еиӷьыртәырц, аҩнусқәа рҟынтәи ргәы рхадыршҭырц, аспорт, аекскурсиақәа, ахацәа рҟынтәи рыԥсы ршьарц. 

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0