Акоронавирус аҟынтәи алаҵа ҟарҵахьеит 6400-ҩык Аԥсны ауааԥсыра

© Sputnik / Павел Бедняков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация от COVID-19 в ТЦ "Кунцево Плаза"
Вакцинация от COVID-19 в ТЦ Кунцево Плаза - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсныҟа акоронавирус аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа даҽа партиак аарышьҭуеит ҳәа иазыԥшуп ԥхынгәы анҵәамҭазы - нанҳәа алагамҭазы.

АҞӘА, ԥхынгәы 15 - Sputnik. Ачымазараҿкы COVID-19 аҟынтәи алаҵа ҟарҵахьеит 6398-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, абри атәы аанацҳауеит агәабзиарахьчара аминистрра. Иазгәаҭоуп 4047-ҩык алаҵа аҩбатәи акомпонент шыҟарҵахьоу.

Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2021
COVID азы аныхрақәа рахь ииагахар алшоит афымцамчԥхьаӡагақәа ирзоужьу аԥара

Иахьазы ахархәара зырымҭац алаҵа 102 дозак ыҟоуп. Аҟәа "Спутник V" актәи акомпонент ала алаҵаҟаҵаразы аҽҭаҩра аанкылан ԥхынгәы 8 рзы. Егьырҭ араионқәа зегьы рҟны алаҵаҟаҵара ишаҿыц иаҿуп.

Аҟәа алаҵа ҟарҵеит 3990-ҩык, Очамчыра араион 488-ҩык, Тҟәарчал араион -488-ҩык, Гал араион- 45-ҩык, Гәылрыԥшь араион- 459-ҩык, Гәдоуҭа араион- 313-ҩык.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҳәеит ԥхынгәы анҵәамҭазы - нанҳәа алагамҭазы Аԥсныҟа акоронавирус аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа даҽа партиак аарышьҭуеит ҳәа ишазыԥшу. Уи иаахәахоит Адыгеиатәи Ареспублика уаанӡатәи ахада, амеценат Ҳазреҭ Совмен Аԥсныҟа ацхырааразы иааишьҭыз аԥарақәа рыбжала.

Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V". 6,5 нызқь доза иҟаз актәи апартиа Аԥсныҟа иааган мшаԥы 30 рзы, алаҵаҟаҵаратә кампаниа иалагеит лаҵара 11 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0