Акоронавирус "дельта" штамм зыхьны қарҭтәи ахәшәтәырҭаҿы ишьҭаз аӡҟы иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Варвара Гертье / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКапельницы
Капельницы - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.07.2021
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион Мықә ақыҭантәи аӡҟы Костров Лукиан акоронавирус аҽкчымазара "дельта" штамм шихьыз шьақәдырӷәӷәеит аҳақьымцәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 20 - Sputnik, Бадри Есиава. Акоронавирус "дельта" штамм зыхьны қарҭтәи ахәшәтәырҭаҿы ишьҭаз Аԥснынтәи аӡҟы иԥсҭазаара далҵит, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит агәыҳалалратә фонд "Кьараз" амедицинатә программақәа ирхылаԥшуа Алиса Ҭыҩба.

Лара ишьақәларӷәӷәеит ахәыҷы иан Олесиа Гочарук Мықә ақыҭа дшеиуоу, афонд "Кьараз" хылаԥшра шырнаҭо. Ҩымз раԥхьа ииз Лукиан аҭаацәараҿы  ахԥатәи хәыҷуп, аԥсуа ҳақьымцәа игәарҭеит ахәыҷы инервқәа ирыдҳәалан ауадаҩра шимаз.

Медико-генетический научный центр  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2021
Аԥсны иазгәаҭоуп "британиатәи аштамм" ахҭысқәа фба

"Ахәыҷы аханатә игәабзиара уашәшәыран. Дхәаҽуан, иҟан данҷыркәалкхозгьы. Дышиизашәа шәачатәи ахәшәҭәырҭахь дышьҭын. Шәачантәи дылҩҩан Аԥсныҟа ианыхынҳә аухацәҟьа, имцашоура халеит. Ахәыҷы иаразнак ахәыҷтәы ареспубликатә хәшәтәырҭа дышьҭаҵан, аҳақьымцәа ирылшоз зегь ҟарҵеит Лукиан еиқәырхараз. Аха ахәыҷы еиҳа-еиҳа аицәахара даҿын", - лҳәеит Ҭыҩба.

Лара лажәақәа рыла, Лукиан ирыԥҳақәа анҭырх ашьҭахь ирбеит ахәыҷы ирԥҳақәа ааха ӷәӷәаны ишроухьаз. Анаҩс ахәыҷы иангьы иаргьы акоронавирус азын ПЦР- атестқәа иргаз ишьақәдырӷәӷәеит ачымазараҿкы шрымз. Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭаҿы аинфекциатә ҟәша злаҟым ала, азҵаара шьҭыҵит иаарласны даҽаџьара диагатәуп ацхыраара ахьиоуа ҳәа.

Ҭыҩба ишазгәалҭаз ала, зегь еицхыраан ахәыҷы дрышьҭит Цицишвили ихьӡ зху қарҭтәи ахәыҷтәы клиникахь.

"Ахәыҷы иан аҭел дасны исалҳәеит, лхәыҷы иҭагылазаашьа шеицәахаз. Иаха игәы аусура иаҟәыҵит. Аҳақьымцәа ирылшеит игәы аус арура, аха изҷаҷак аангылеит, уи иахҟьаны ахәыҷы иԥсҭазаара далҵит", - лҳәеит Ҭыҩба.

Уажә азын ахәыҷы иан ашәҟәқәа реизгара даҿуп Аԥсныҟа ахынҳәразы, Ҭыҩба ишазгәалҭаз ала, дара уаха Егры иҟалоит 21:00 сааҭ рзы аҳәаа анарку аамҭаз. АШәМ аҟны Ҭыҩба дақәдыргәыӷит ицәырҵыз ауадаҩрақәа рыӡбараҿ ацхыраара шлырҭо.

Ажәабжьқәа зегьы
0