Аҟәа араион ҿыц аҿы иҟаз ахысра иалахәыз рхарахгара шьақәдыргылоит ԥхынгәы 21 рзы

© Sputnik Сухумский Городской суд
Сухумский Городской суд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.07.2021
Анапаҵаҩра
Аиҿахысра ҟалеит асабша ԥхынгәы 17 рзы ахәылԥаз Аҳабла ҿыц аҿы, уи иахҟьаны ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит, аӡәы ахәрақәа иманы ахәшәтәырҭаҿы дышьҭоуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа ақалақь апрокуратура аӡбарҭахь азыҳәа нанашьҭит ахысра иалахәын ҳәа агәызҩара ззыҟоу рхарахгара ашьақәыргыларазы. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақалақь апрокурор ихаҭыԥуаҩ Алиас Ҭраԥшь.

Аматериалқәа аӡбарҭахь инашьҭуп, аӡбра ԥхынгәы 21 азы иаднакылароуп.

"Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаусҭҵаараан азыҳәа нанашьҭит ауаҩшьра иалахәын ҳәа агәызҩара ззыҟоу Игор Гәдалиеи Аслан Зыхәбеи рганахь ала рхарахгара шьақәдырӷәӷәарц", - иҳәеит иара.

Ашьаус аматериалқәа рыла, ԥхынгәы 17 асааҭ 20:00 рзеиԥш Руслан Гәдалиа, Игорь Гәдалиа, Гарри Аҩӡба, Аслан Зыхәба заанаҵ еибыҳәаны амцабџьари аџьаԥҳани рыманы, изакәанымкәа Аслан Зыхәба зыԥсҟы икыз автомашьына "Nissan Skyline" ала имҩанганы инеит Аҟәа ақалақь В.Лакоба имҩеи Цәыббра 30 амҩеи реихысырҭаҿы игылоу ауарашыжәырҭахь Беслан Ӡыба иқәшәарц. Ари агәыԥ еиҭа хҩык рыцын даҽа машьынак иақәтәаны.

МВД РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2021
Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы иҟалаз аиҿахысра иалахәызи иҟалаз шыҟалази атәы рҳәеит

Аиԥылараан Ӡыбеи Руслан Гәдалиеи, Аҩӡбеи, Зыхәбеи аимак рыбжьалеит, аисра иалагеит. Убри аамҭаз Беслан Ӡыба ишьақәыргылам амцабџьар ааҭиган, ишидыруаз Руслан Гәдалиа диеихсны дишьит, Аслан Зыхәба дихәит. Ари зегьы амашьынаҟынтәи избоз ишьақәыргылам автоматтә бџьар змаз Игор Гәдалиа азеиԥшшәарҭаразы аҭагылазаашьа аԥҵаны жәантә еиҵамкәа ауарашыжәырҭа ахыбра иарбаны дхысон, убас ала Беслан Ӡыба дишьит.

Игор Гәдалиа иганахьала Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2 апункт "е" ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоуразы (азеиԥшшәарҭаратә умҭала ауаҩшьра) ашьаус хацыркуп. Руслан Гәдалиа, Гарри Аҩӡба, Аслан Зыхәба, Игор Гәдалиа рганахьала Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 217 ахәҭа 2 ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоуразы (абџьар, уи ахәҭа хадақәа, аџьаԥҳаны, иԥжәо амаҭәашьарқәа, иԥжәо амаҭәарқәа изакәанымкәа раахәара, ҽаӡәы иҭара, рыҭира, рыҵәахра, рымҩангара ма рныҟәгара, гәыԥҩык ауаа заанаҵ еибыҳәаны имҩаԥыргаз) ашьаус хацыркуп.

Руслан Гәдалиа ԥхынгәы 18 рзы амилициа аусзуҩцәа дааныркылеит.

Аслан Зыхәба Ареспубликатә хәшәтәырҭаҿы дрыхьчоит. Гарри Аҩӡба иаанкыларазы аоператив-усԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирыцырҵоит.

Заанаҵтәи ашьаусԥшаара мҩаԥнагоит Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаусԥшааратә гәыԥ.

Ажәабжьқәа зегьы
0