Аԥсны аԥеиԥш идыруазшәа: Таривердиев иԥсҭазаареи ирҿиареи ҳтәыла ишадҳәалоу

© Sputnik / Борис Кауфман / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны Таривердиев иԥсҭазаареи ирҿиареи рҿы
Аԥсны Таривердиев иԥсҭазаареи ирҿиареи рҿы - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2021
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа акомпозитор Микаел Таривердиев иԥсҭазаара далҵит ԥхынгәы 25 1996 шықәсазы. Иара Аԥсныҟа есышықәса даауан. Ароуп еиҳарак ирҿиамҭақәагьы адунеи ахьырбаз.

Микаел Таривердиев —130 кинофильм рзы амузыка иҩхьан, шәкы инареиҳаны ашәақәеи аромансқәеи иҩхьан, абалетқәа ԥшьба, аоперақәа ԥшьба, ауарӷан азы аконцертқәа хԥа, аскрипказ аконцертқәа ҩба, акамератәи авокалтәи циклқәеи асимфониақәеи дравторуп. Микаел Таривердиев иԥсҭазаара далҵит ԥхынгәы 25 1996 шықәса рзы. Абри агәалашәаратә мшы азы Sputnik Аԥсны акомпозитори ҳреспубликеи реимадара иалацәажәоит.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik.

Микаел Таривердиев аиҳарак деицырдыруа далагеит акиносахьақәа "Семнадцать мгновений весны", "Ирония судьбы, или с легким паром", "Король-олень" амузыка анырзиҩ ашьҭахь. Пицундатәи ауахәама данаҭаа ашьҭахь ирҿиараҿы адаҟьа ҿыц хиртлеит.

акомпозитор Микаел Таривердиев - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2017
Пицундатәи ауарӷан агәаҳәара знаҭоз: Микаел Таривердиев игәалашәара амш

Микаель Леон-иԥа есышықәса Пицунда иԥсы ишьон. Раԥхьаӡа акәны араҟоуп иахьиаҳаз усҟан зынӡа иқәыԥшыз Лиудмила Габриа-Галустиан лыбжьы. Уи инаҭаз анырра ашьапы анаркит ирҿиараҿы аетап ҿыц. Убасҟан, раԥхьаӡа акәны иҩит ауарӷан азы аконцерт "Кассандра".

"Микаел Аԥсны аԥеиԥш идыруазшәоуп, иныруазшәоуп ара ииҩуаз амузыка шыҟаз. Иҩнуҵҟа иаҳауаз акәын анотақәа рахь ииаигозгьы", - ҳәа еиҭалҳәоит акомпозитор иԥшәмаԥҳәыс Вера Таривердиева.

Аԥсны ииҩыз рацәаӡоуп. Еиҳаракгьы Аҟәа. Исҳәар ауеит ирҿиамҭақәа раӷьырак аброуп иахьиҩыз ҳәа — иинструменталтә концертқәа зегьы, аоперақәа ҩба, акино азы имузыкатә рҿиамҭақәа реиҳарак ҳәа лҳәоит лара.

Владимир Маиаковски иажәеинраалақәа ирылху ацикл иҩит Пицунда, 1959 шықәса рзы. Анотақәа роригинал нымхеит. Иаанхеит иџьыбаҭаҵа нотатә шәҟәы.

Уаҟа иҟоуп абри аҩыза анҵамҭа: "Амшын аҟәараҟны аусура оумашәа агәаҳәара ацуп. Аха схала сынхеит, акалашәа агәхьаагара сгәы иҵалеит. Ишԥарыдыркыларишь Москва изҩыз ацикл". "Изакәу сзымдыруа џьара ак сҭахуп. Исҭаху еилыскаар — сҭынчхап. Иҟалап сара згәы ҿыӷьуа уаҩԥагьак сиеиԥшзар. Аамҭа 6.30. ҟалахьеит. Хәылбыҽхоуп".

Микаел Таривердиев дхәыҷаахыс Аҟәа идыруан. 70-тәи ашықәсқәа раан Акомпозиторцәа рҟазаратә ҩны "Лиле" ахь даалон. Усҟан ара аԥсшьара бзиа ирбон Родион Шьчедрини Маиа Плисецкаиеи.

Агава. - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2016
Симонови Таривердиеви зааигәа итәалоз агава шәҭуеит

Аԥсны иара ихаҭа иеиԥш иҭаацәа зегьы бзиа ирбоз ҭыԥхеит. Вера Таривердиева иазгәалҭоит ирҿиамҭақәа реиҳарак абра рхы шыҵырхыз.

1996 шықәса ԥхынгәы 25 рзы, Шәача, Арҿиаратә ҩны "Актиор" абарҵа дықәгыланы ихы Аԥсныҟа ирханы дыԥшуан Микаель.

"Абзиараз ҳәа аҳәон илаԥш. Аҵыхәтәан дахьынаԥшуаз акәын. Аамҭала бзиа иибоз аҭыԥ лаԥшыла абзиараз ҳәа аҳәаны даԥырҵуан", - ҳәа еиҭалҳәоит акомпозитор иԥҳәыс.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0