Сабрадада апассаџьырцәа мҩанызго ауаажәларратә транспорт ааныркыло иалагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте
Рейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ауаажәларратә транспорт апассаџьырцәеи арныҟәцаҩцәеи асабрадақәа ныҟәаргалароуп аԥкратә уснагӡатәқәа инарықәыршәаны. Уи еилазгаз 600 мааҭ ахараԥса иқәырҵоит.

АҞӘА, ԥхынгәы 29 – Sputnik. Аҟәа ақалақь ахадара Аԥсны ААИ адҵа рырҭеит асабрада зҿам апассаџьырцәа мҩаԥызго ауаажәларратә транспорт ааныркыларц ҳәа Аԥсуа телехәаԥшраҿы иҳәеит ақалақь ахада Беслан Ешба.

"Ааигәа инарҭбаау аилацәажәара ҳаман, аоперативтә штаб аилатәара мҩаԥаагеит аџьармыкьа ду, атранспорттә наплакқәа, амаҭәатә џьармыкьа рнапхгаҩцәа алархәны. Иазгәаҳҭеит ауаажәларратә транспорт иҭало ауаа асабрадақәа рҿазарц", - иҳәеит иара.

Рейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2021
Аԥсны амилициа аковидҿагыларатә ԥкрақәа ишрықәныҟәо иахылаԥшуеит

Ешба иажәақәа рыла ԥхынгәы 28 актәи азбжазы иаанкылан хә-автомашьынак.

"Рыцҳара дууп ҳуааԥсыра реиҳараҩык ҭакԥхықәрада рхы ахьымҩаԥырго, абарҭқәа азгәаҭаны ауп асеиԥш ауснагӡатәқәа рахь ҳазкылсыз. Ахараԥса 600 мааҭ роуп иҟоу" - иҳәеит Ешба.

Асанитартә ԥҟарақәа иқәымныҟәо ауаажәларратә крыфарҭақәа ҩнызқьмааҭ ахараԥса рықәырҵоит.

"Абри аганахь ала азакәанԥҵара аус адулатәуп. Ҳдепутатцәа уажәы ԥсшьара ицеит, аха ианыхынҳәлак арҭ азҵаарақәа ирызхәыцыроуп" - иҳәеит иара

Уажәазы ауаа еиҳа ирзымариоуп ахараԥса ашәара аԥҟарақәа рықәныҟәара аасҭа, ҳәа азгәеиҭеит Беслан Ешба.

Ажәабжьқәа зегьы
0