https://sputnik-abkhazia.info/20210806/Aiabyra-ashaakheit-Kyndy-assharat-baza-argylaraz-adgyl-aara-1032983732.html
Аиҳабыра ақәшаҳаҭхеит Кындыӷ аԥсшьарҭатә база аргылараз адгьыл аҭара
Аиҳабыра ақәшаҳаҭхеит Кындыӷ аԥсшьарҭатә база аргылараз адгьыл аҭара
Sputnik Аҧсны
Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан аԥсшьарҭатә база аргылара мҩаԥызго аилахәыра аҳәара ҟарҵеит 25 шықәса арендала 2,1 гектар адгьыл рырҭарц. 06.08.2021, Sputnik Аҧсны
2021-08-06T10:10+0300
2021-08-06T10:10+0300
2021-08-06T09:54+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103016/50/1030165015_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_93d6eaf7c98f153209655d1373bb79a0.jpg
АҞӘА, нанҳәа 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аиҳабыра ақәшаҳаҭхеит Кындыӷ аԥсшьарҭатә база аргылараз 2,1 гектар адгьыл арендала аҭара.Адгьылхархәареи акадастри рзы Аҳәынҭусбарҭа аиҳабы Адамыр Аҳәба иажәақәа рыла, аԥсшьарҭатә база аргылараны иҟоуп иаарту акционертә еилазаара "Лаша-2016", атыҩшаӡриқәа рыҵыҵырҭа ааигәара.Аԥыза-министр Александр Анқәаб иҳәеит Тамшь ақыҭан ихацыркыз аус бзиа анаҩсгьы Мрагыларатәи Аԥсны аган аинвесторцәа шаднаԥхьало."Атыҩшаӡриҵыҵырҭақәа ракәзар, ауаа еиҳа-еиҳа ирылаҵәоит, иаҭаауеит. Ааигәара аԥсшьарҭатә база аатыр, зынӡа ибзиахоит. Азнеишьа бзиоуп. Садгылаҩуп", - иҳәеит иара.Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан аԥсшьарҭатә база аргылара мҩаԥызго аилахәыра "Лаша-2016" 25 шықәса арендала 2,1 гектар адгьыл рырҭеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20190518/onia-Kyndyti-ayrkhaa-rzy-ur-irybzourany-aya-aiara-ialageit-1027388436.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103016/50/1030165015_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_c8486ee8f6d452a8b7690d3804668d51.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аиҳабыра ақәшаҳаҭхеит Кындыӷ аԥсшьарҭатә база аргылараз адгьыл аҭара
Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан аԥсшьарҭатә база аргылара мҩаԥызго аилахәыра аҳәара ҟарҵеит 25 шықәса арендала 2,1 гектар адгьыл рырҭарц.
АҞӘА, нанҳәа 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аиҳабыра ақәшаҳаҭхеит Кындыӷ аԥсшьарҭатә база аргылараз 2,1 гектар адгьыл арендала аҭара.
Адгьылхархәареи акадастри рзы Аҳәынҭусбарҭа аиҳабы Адамыр Аҳәба иажәақәа рыла, аԥсшьарҭатә база аргылараны иҟоуп иаарту акционертә еилазаара "Лаша-2016", атыҩшаӡриқәа рыҵыҵырҭа ааигәара.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб иҳәеит Тамшь ақыҭан ихацыркыз аус бзиа анаҩсгьы Мрагыларатәи Аԥсны аган аинвесторцәа шаднаԥхьало.
"Атыҩшаӡриҵыҵырҭақәа ракәзар, ауаа еиҳа-еиҳа ирылаҵәоит, иаҭаауеит. Ааигәара аԥсшьарҭатә база аатыр, зынӡа ибзиахоит. Азнеишьа бзиоуп. Садгылаҩуп", - иҳәеит иара.
Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан аԥсшьарҭатә база аргылара мҩаԥызго аилахәыра "Лаша-2016" 25 шықәса арендала 2,1 гектар адгьыл рырҭеит.