Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла официалла иҟазаара хыркәшахеит

© Foto / instagram / mariannaПрезидент Абхазии Аслана Бжания в Южной Осетий
Президент Абхазии Аслана Бжания в Южной  Осетий  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.08.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Цхьынвал иаҭааны иҟан 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазкны Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуаз ауснагӡатәқәа рылахәхаразы. Амҩан, Беслантәи арыцҳара иалаӡыз ргәаларшәаразы днеины ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
АҞӘА, нанҳәа 9 - Sputnik. Иахьа ихыркәшахеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла хымштәи иҟазаара.
Аслан Бжьаниеи зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациеи Цхьынвал иаҭааны иҟан, 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазку Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуаз ауснагӡатәқәа рылахәхаразы.
Нанҳәа 7 азы Бжьаниа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит Цхьынвалтәи ахәбатәи абжьаратә школ ашҭаҿ иҟоу амемориал амҵан. Анаҩс имҩаԥысит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа Аслан Бжьаниеи Анатоли Бабилови реиԥылара.
Бжаниеи Бибилови наҟ-наҟтәи русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит, аекономикатә еиныррақәагьы убрахь иналаҵаны. Агәалашәаратә ҳамҭақәа еимырдеит.
"Ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит еишьцәак реиԥш шәахьаҳзыҟоу", - иҳәеит Аслан Бжьаниа аиԥылараан.
Нанҳәа 8 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ақырҭуа агрессиа иахҟьаны иҭахаз ауааԥсыра ргәалашәара иазкны Цхьынвал имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит.
Аслан Бжьаниа Цхьынвал ауснагӡатә аҿы иҳәеит Аԥсны Аахыҵ Уаԥстәылатәи аибашьра шрыдыркылаз:
"Аԥсны Аахыҵ Уаԥстәылатәи ахҭысқәа агрессиак аҳасаб ала ирыдыркылеит", - иҳәеит иара.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны адипломатиатә миссиа даҭааит нанҳәа 9 азы.
Бжьаниа диԥылеит Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нага змоу ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев. Дара алацәажәеит Аԥсны еибашьуаны иҭахаз Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа рсиа аиҭахәаԥшра азҵаара. Бжьаниа иара убасгьы дырԥылеит ара иҟоу аԥсуа диаспора рхаҭарнакцәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Цхьынвал имҩаԥысит ҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа Бжьаниеи Бибилови реиԥылара
Бжьаниа: Аахыҵ Уаԥстәыла иҟалаз аибашьра Аԥсны ашәарҭара иҭанаргылар алшон
Ажәабжьқәа зегьы
0